Вышински иус ахәаԥшра ахыргеит

© Foto / Стрингер Кирилл Вышинский
Кирилл Вышинский - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист шықәсык инацны даанкылоуп. Ашәахьа, Украина арокуратура хада аҳәамҭала Вышински доурышьҭыр алшон.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Киев, Подольсктәи араионтә ӡбарҭа апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус аӡбра ԥхынгәы 19 ахь иахнагеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Кирилл Вышински ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы доурышьҭыр ҟалоит

"Аӡбаҩцәа рколлегиа аилацәажәаратә уадахь иахьыҟоу инамаданы аус ахәаԥшра ииагахоит ԥхынгәы 19 асааҭ 15:00 рахь", - лҳәеит аӡбарҭа ахаҭарнак.

Аӡбарҭа иахьатәи аилацәажәара далахәын Урыстәыла аомбудсмен Татиана Москалькова.

"Сара аҳәара зуит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩык иҳасаб ала сгәаанагара азхьаԥшра арҭарц" ҳәа ралҳәеит лара ажурналистцәа.

Лара лажәақәа рыла украинатәи азакәан инақәыршәаны аӡбараҿ ақәгылара азин лымам.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Москалькова Вышински иус зыӡбо ақәыӷәӷәара ду рырҭар ҟалоит ҳәа иазылыԥхьаӡоит

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0