Украина Иреиҳаӡоу Арадахь аҿҳәара ааиаанӡа алхрақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДосрочные выборы в Верховную раду Украины
Досрочные выборы в Верховную раду Украины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина Иреиҳаӡоу Арадахь аҿҳәара ааиаанӡа алхрақәа мҩаԥыргеит амҽыша, ԥхынгәы 21 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Украина Иреиҳаӡоу Арадахь инеит апартиақәа хәба ҳәа ишьақәыргылоуп екзит-полл адыррақәа рыла. Дара мҩаԥган ателеканал "112 Украина" аҳәарала.

РИА Новости ишаанацҳауа ала, аԥыжәара амоуп Владимир Зеленски ипартиа "Слуга народа " - 42,7%, апартиа "Оппозиционная платформа - за жизнь" - 12,9%, Пиотр Порошенко ипартиа "Европейская солидарность " - 8,8%, Иулиа Тимошенко лпартиа "Батькивщина" - 8,5%, Свиатослав Вакарчук ипартиа "Голос" - 6,5%.

Адепутатцәа ркорпус абжак (225-ҩык) апартиатә сиақәа рыла иалырхуан, егьи абжа - амажоритартә округқәа рҿы. Алхрақәа рмониторинг иалахәымызт Урыстәылеи ПАСЕи рхаҭарнакцәа.

Изаамҭанытәиу алхрақәа мҩаԥысраны иҟан жьҭаара мзазы, аха Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски иинаугурациа ашьҭахь, лаҵара 20 рзы апарламент шеимирпуаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Заанаҵтәи алхрақәа ԥхынгәы 21 азы имҩаԥгахарц аӡбамҭа рыдыркылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0