МАГАТЕ адиректор хада Иукиа Амано иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИукиа Амано
Иукиа Амано - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иукиа Амано Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЕ) ахадас 10 шықәса дыҟан.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik. Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура адиректор хада Иукиа Амано 73 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит аиҿкаара асаит.

"Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура амаӡаныҟәгарҭа гәалсра дула адырра ҟанаҵоит адиректор хада Иукиа Амано иԥсҭазаара дшалҵыз азы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

МАГАТЕ аофис хадаҿы абираҟқәа лашьҭуп.

2005 шықәса раахыс Иукиа Амано МАГАТЕ Иапониа ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан. Ԥхынҷкәын 1, 2009 шықәса рышьҭахь аиҿкаара адиректор хадас дҟалеит.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

  • МАГАТЕ: Иран ахылаԥшра ӷәӷәа амоуп
  • Қарҭаа еиҭах амцқәа еиқәдырҽаҽоит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0