Украина Апарламент ахь алхрақәа реихшьаала ҟарҵеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина Апарламент ахь алхрақәа реихшьаала ҟарҵеит
Украина Апарламент ахь алхрақәа реихшьаала ҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу арадахь изаамҭанытәим алхрақәа мҩаԥысит Украина ԥхынгәы 21 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Украина ацентртә алхратә комиссиа абиуллитеньқәа 100% анҭырҵаа ашьҭахь ишьақәыргылахеит Владимир Зеленски ипартиа "Слуга народа" 43,16%, Иури Боико ипартиа "Оппозиционная платформа - за жизнь" 13,05% аиуит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит уаанӡа аԥыза-министрс иҟаз Иулиа Тимошенко лпартиа "Батькивщина" - 8,18%, уаанӡатәи атәыла ахада Пиотр Порошенко ипартиа "Европейская солидарность" 8,10% аиуит, амузыкант Свиатослав Вакарчук ипартиа "Голос" -5,82%.

Иреиҳаӡоу арадахь изаамҭанытәим алхрақәа мҩаԥысит Украина ԥхынгәы 21 рзы.

Алхрақәа рофициалтә еихшьалақәа АКХ ирыланаҳәароуп нанҳәа 5 рҟынӡа.

Радахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟан жьҭаара 5 рзы, аха Украина ахада Владимир Зеленски Апарламент адепутатцәа иинаугурациа ашьҭахь еимирпит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0