Уахыки-ҽнаки рыла Ҟрымтәи ацҳа иқәсит автомашьынақәа ррекордтә хыԥхьаӡара

© Sputnik / Alexey Malgavko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильное движение по автодорожной части Крымского моста
Автомобильное движение по автодорожной части Крымского моста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, ацҳа аусура иалагазар аахыс иара иқәсхьеит 6,5 миллион машьына.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа аԥхынра иалагӡаны миллионк инеиҳаны амашьына ықәсит, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акәзар – 36 000 машьына ықәсит ҳәа аанацҳауеит аинфоцентр "Крымский мост".

"Рашәарамзеи ԥхынгәымза аԥхьатәи ахымчыбжьи рыҩнуҵҟа Ҟрымтәи ацҳа иқәсит 1,057 миллион машьына. Урҭ рҟынтәи автобусқәа - 14 000, аидарамҩангагақәа - 115 000. Нанҳәа 12 азы иазгәаҭан ацҳа иқәсыз автомашьынақәа ррекордтә хыԥхьаӡара. Уи иартәеит 35 989 машьына. Уаанӡатәи арекорд – нанҳәа 11 рзы иазгәаҭан. Усҟан ацҳа иқәсит 35 307 машьына уахыки-ҽнаки рыла", – аҳәоит адырраҭара.

Уи адагьы аинфоцентр аҿы иазгәарҭеит аԥхынразы атрафик ҩынтәны еиҳахеит ааԥынтәи атрафик аасҭа.

Рашәарамзазы Ҟрымтәи ацҳа иқәсит 518 000 автомашьына, уи ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар, 13 % рыла еиҳауп. Ԥхынгәымза ҳҭалеижьҭеи ацҳа иқәсхьеит 537 000 машьына ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Ацҳа аусура иаалагазар - лаҵара 16, 2018 шықәса раахыс - уи иқәсхьеит ф-миллионк инеиҳаны амашьынақәа.

Ҟрымтәи ацҳа аура 19 километр артәоит. Ацҳаҿ автомобилтә мҩеиԥш аихамҩагьы аусура хацнаркраны иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0