Кремль Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аантәи абомба рбеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКремль Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аантәи абомба рбеит
Кремль Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аантәи абомба рбеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аргылаҩцәа аремонттә усурақәа раан Кремль Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аантәи абомба рбеит.

АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аантәи авиациатә бомба рбеитаргылаҩцәа аремонттә усурақәа раан Кремль аҵакыраҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ажәытә аамҭақәа раан аремонттә усурақәа ахьцоз аҭыԥ аҿы афатә-ажәтә рҵәахуан, аҵааркра ыҟан. Уа уажәы аремонт ҟарҵон. Адгьылҿысҭақәа дырӷәӷәон", - ҳәа амаҵзура иазааицҳаит Кремль акомендант, аинрал-леитенант Сергеи Хлебников.

Аибашьра аԥхьатәи ашықәсқәа раан Кремль изныкымкәа иақәкны абомбақәа карыжьхьан. Убас, нанҳәа 10-11 1941 шықәса рзы абомбақәа руак Никольсктәи абааш ааигәара икаҳаит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0