Урыстәыла амч роуит афитосанитартә хылаԥшра аԥҟара ҿыцқәа

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла амч роуит афитосанитартә хылаԥшра аԥҟара ҿыцқәа
Урыстәыла амч роуит афитосанитартә хылаԥшра аԥҟара ҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аидара алагалара аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны, апассаџьырцәа Урыстәыла аҵакырахь иаларгалар ҟалоит зыкапан хә-кьылак еиҳам ашәыри ауҭраҭыхи.

АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Ашәыри, ауҭраҭыхи, ашәҭқәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа рахыгара аԥҟара ҿыцқәа Урыстәыла амч роуит ашәахьа, нанҳәа 19 инаркны.

Ишьақәыргылоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ашәыр, ауҭраҭых, арыц, изызҳауа даҽа аалыҵк акапан хә-кьылак иреиҳазар, афитосанитартә сертификат аҭаххоит. Уи ыҟамзар, аалыҵ рымхны, шьҭахьла идәықәырҵоит, мамзаргьы иқәырхуеит.

Абагаж - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҳәаа абагаж ахыгара аԥҟарақәа дырӷәӷәоит

Иара убас асертификат аҭахуп ашәҭқәа реиҭаҳатәи ихҵәоу ашәҭқәеи Урыстәыла аҵакырахь аҳәаа риагараан. Сертификатда ииагазар ҟалоит 15-15 шәҭыц злоу х-шьыҵәрак иреиҳамкәа.

"Российская газета" излаанацҳауа ала, игәарҭалоит аӷбақәа, аҳаирпланқәа, адәыӷбақәа рпассаџьырцәа реидареи аекипажқәеи адәыӷбақәа рыбригадақәеи рлахәылаҩцәа реидареи. Уи адагьы, автомашьынақәагьы ргәаҭара иалагоит.

РИА Новости аинтервиу азҭоз Россельхознадзор апресс-маӡаныҟәгаҩ Иулиа Мелано илҳәеит иаабац атәылауаа рзы "акгьы аҽамԥсахӡеит", аиҳабыра рықәҵараҟны ҿыц иадырбаз аԥҟарақәа аус руеижьҭеи ҩышықәса ҵуеит.

Акарантинтә хылаԥшра аҳәынҭқарратә маҵзура адәныҟатәи акарантин аҟәша аиҳабы Руслан Смыр Sputnik излазеиҭеиҳәаз ала, аҵиаақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа, иара убас шьҭахьла риагаразы афитосанитартә сертификат уоур ҟалоит аушьҭырҭатә пункт "Ԥсоу" аҟны. Аилыркаага 150 мааҭ иаԥсоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0