Камерун иахьаҵанакуа амшынқәылаҩцәа аурыс мшынуаа хҩык рытҟәеит

© MOHAMED DAHIRАмшынқәылаҩцәа
Амшынқәылаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15 рзы Камерун иахьаҵанакуа амшын аԥшаҳәаҿы амшынқәылаҩцәа аурыс мшынуаа хҩык рытҟәеит. Урҭ рҿыхразы иззыҳәо аԥара ашәагаа аӡбахә макьана ирҳәом.

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Амшынқәылаҩцәа иртҟәаз аурыс мшынуаа рҿыхразы аиҿцәажәарақәа ҩымчыбжьа ргар ҟалоит, абри атәы РИА Новости иазеиҭарҳәеит Камерун иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҟны.

"Иҳамоу аинформациала, амшынқәылаҩцәа нигериауаауп. Агәҩара ҳамоуп урҭ иртҟәаз Нигериа аҵакырахь иргеит ҳәа. Ҳамшынуаа ргәабзиара хар амам ҳәа иазаҳԥхьаӡоит. Еиҿкааз Ирццаку аҭак ҟаҵара агәыԥ ҳамшынуаа рҿыхразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагоит. Уажәазы урҭ афатә-ажәтәи ахәшәқәеи рызнагара иақәшаҳаҭхахьеит", - иҳәеит адипмиссиа ахаҭарнак.

"Ас еиԥш иҟоу хҭысқәа раан аиҿцәажәарақәа ҩымчыбжь рҟынӡа иргоит, иҟоу аԥышәа инақәыршәаны", - рҳәеит ацҳаражәҳәарҭаҟны, иара убасгьы иазгәарҭеит аҿыхразы адыррақәа рырӡара ҟалом амшынуаа ршәарҭадара ҳасаб азуны.

Камерунтәи амшынбаӷәаза Дуалаҟны ареид аан нанҳәа 15 рзы амшынқәылаҩцәа Антигуеи Барбудеи рбираҟ зхашәыршәыруаз анемец компаниа MarConsult Schiffahrt иатәу аидарамҩангага ӷба "Мармалаита" иажәлеит.

Урҭ ирытҟәеит ааҩык ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хҩык аурысцәа - Санкт-Петербургтәи ацхырааҩ еиҳабы, Владивостоктәи акаԥдан, Мурмансктәи амеханик еиҳабы. Егьырҭ атҟәацәа Украина атәылауаҩи ԥшьҩык афиллипинуааи роуп. Аӷба ахаҭа рымгаӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0