Ҟәбина иахьаҵанакуа ашоура бааԥс ҟалоит ҳәа рыларҳәеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраашоура бааԥс
ашоура бааԥс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳауаԥхарра ҭыԥқәак рҟны 40 градус рҟынӡа ихалар алшоит.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ашоура бааԥс ҟалоит ҳәа иаалырҟьаны адырра ҟарҵеит, абри атәы аҳәоит Шәача ахадара асаит аҟны.

"Нанҳәа 23-24 рзы асааҭ 14:00 - 17:00 ирыбжьаркуа аамҭазы атәылаҿацә аҟны ашоура бааԥс иазыԥшуп. Аҳауаԥхарра +39° рҟынӡа инаӡоит", - ҳәа аарыцҳауеит адырраҭараҟны.

Шәача анапхгара ақалақь-курорт ауааԥсыреи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит рхы гәарҭарц: амра ицәымларц, аӡы рацәаны иржәларц.

Рашәарамза анҵәамҭа аахижьҭеи Шәача ақәаршыҩ ӷәӷәақәа ауит, урҭ ирыхҟьаны илеит аӡымҭҟьарқәа, аӡхыҵрақәа ҟалеит.

Ԥхынгәы 14 рзы Шәача илеиз ақәаршыҩ ӷәӷәа иахҟьаны аӡы хыҵит Ҟәыдиԥсҭеи Адлери рраионқәа рымҩақәа рҿы, аурыс-аԥсуа ҳәаахь уназго афедералтә мҩаду ахәҭак.

Ԥхынгәы 25 ахәылбыҽха ақәа кыдхаҽан иахьлеиуаз иахҟьаны адгьыл ҳәазан, Шәача агәы иалсуа аӡиас Ԥсахы аӡышьҭра иаԥыраҳаит.

Нанҳәа 4 рзы Шәача ҩаԥхьа амшцәгьа шыҟало рыларҳәеит, усҟан амшын аҿы афырҭынқәа хылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0