Техас идырым ауаҩы ауаа дрылахысит

© REUTERS / Jose Luis GonzalezТехас идырым ауаҩы ауаа дрылахысит
Техас идырым ауаҩы ауаа дрылахысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза иалагеижьҭеи хынтәуп Еиду аштатқәа рҿы аԥсыҭбарақәа зцу ахҭысқәа ҟалоижьҭеи.

АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Аштат Техас аҿы быжьҩык ауаа ҭахеит, 20-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ New York Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы. Аԥсыҭбарақәа ҟалеит идырым ахаҿы ахысра дахьалагаз иахҟьаны.

Асааҭ 16:00 рзы ақалақьқәа Мидленди Одессеи еимаздо амҩаҿ адәқьан Home Depot аҿы иҟалеит арыцҳара. Аполициа адыррақәа рыла ахысра ҟазҵаз ахаҵа ихаҭагьы дҭархоуп.

"Аштат Техас аҿы быжьҩык ауаа ҭахеит, 20-ҩык ахәрақәа роуит. Ихысуаз ахаҿы дҭархан Одесса", ҳәа аарыцҳауеит аполициамаҵзурауаа Facebook аҿы.

Азинхьчаратә усбарҭақәа аусҭҵаара мҩаԥыргоит. Урҭ ирылҵшәаны ишьақәдыргылеит америкатәи аштат Техас, ақалақь Одесса ауаа рацәа зшьыз ахысыҩ иҟаиҵаз ахҭыс аԥхьа иусура дамхын ҳәа.

Аполициа ишырҳәо ала 36-шықәса зхыҵуаз Сета Етора (Seth Ator) иоуп ацәгьара зуз. Ишьақәыргылоуп иара атеррористтә еиҿкаарақәа дышрыдҳәаламыз.

Аиҳабыратә мчрақәа рдыррақәа рыла иара иҟаиҵаз сааҭқәак шагыз аус ахьиуаз аилахәыраҟынтәи иусура дамхын. Азинхьчаратә усбарҭақәа макьаназы аумҭа амзыз абри абри ауп ҳәа ишьақәдмырӷәӷәац.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0