Абе ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак еиҭактәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСиндзо Абе
Синдзо Абе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак ареформа азуразы аимак-аиҿак ахы ыҵнахит ииасыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭа инаркны.

АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Иапониа аԥыза-министр Синдзо Абе аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аилазааратә реформақәа хымԥада имҩаԥгатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иапониа аҽаланархәуеит 2022 шықәсазтәи алхрақәа. Иагьақәгәыӷуеит ЕАР Ассамблеиа хада иааиԥмырҟьаӡакәа лахәылас иҟалап ҳәа", - иҳәеит иара.

Глава МИД России Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров Иапониахь ааԥхьара ҟаиҵеит Курилы Урыстәыла асуверенитет ишаҵанакуа азханаҵарц

Иапониа аиҳабыра рхада иара убасгьы еизаз азхьеирԥшит ацәгьоура аҿагылараҿы, аҵарадырра аизырҳараҿы, аԥҳәыс лсоциалтә ҭагылазаашьа арӷәӷәаразы итәыла инанагӡо ароль.

Токио аҽазышәара мҩаԥнагоит ЕАР Ассамблеиа хада иааиԥмырҟьаӡакәа иалахәу рхыԥхьаӡара аизырҳаразы.

Аԥсахрақәа шымҩаԥгатәу изныкымкәа ирҳәахьан егьырҭ атәылақәа раԥхьагылаҩцәагьы. Убас, цәыббрамза алагамҭазы, Урыстәыла ахада Владимир Путини Индиа аԥыза-министр Нарендра Моди реиԥылараангьы абри азҵаара цәырган.

Германиа ААР аминистр Хаико Маас иакәзар, иазгәеиҭеит ЕАР Ассамблеиа хада иахьатәи аамҭа иақәшәом ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0