Урыстәылатәи С-500 Шьамтәыла иԥыршәеит

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраС-500 Шьамтәыла иԥыршәеит
С-500 Шьамтәыла иԥыршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳауаҽацәыхьчаратә система С-500 "Прометей" аԥышәараан аҟазауаа проблемақәак аадырԥшит, аха урҭ иаарласны рҭыԥ иқәҵан.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Шьамтәыла иԥыршәеит аҳауаҽацәыхьчаратә система С-500 "Прометей". Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Известия" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аԥышәарақәа хыркәшоуп, қәҿиарала имҩаԥысит ҳәагьы ахәшьара рыҭоуп. Урыстәыла Арра-ҳаиртә мчрақәа ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитинант Аитеч Бижев иажәақәа рыла, асистема аԥышәараан азхьаԥшра ҷыда арҭоит ахәҭақәа ԥымкрада русура.

Атехника атехникатәи аҳауатәи ҭагылазаашьа ҷыдақәа рҟны иԥыршәоит. Уи агхақәа зегьы аанарԥшуеит. Убри азоуп Шьамтәыла ԥышәаратә ҭыԥны изалхыз ҳәа иҳәеит аинрал-леитенант.

С-500 аҭыжьра напалакын рашәарамзазы. "Ростех" адиректор хада Сергеи Чемезов иажәақәа рыла, Урыстәыла макьаназы арҭ асистемақәа рыҭира агәҭакым. Раԥхьа иргыланы дара урыстәылатәи ар рымаҵ рулароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0