Пушилин: Киев аамҭа инахоит- арадикалцәа ргәы ҟарҵошәа ддырбоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДонецктәи жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин
Донецктәи жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киев ДЖәРи ЛЖәРи раԥыхра ахәҭоуп ҳәа иахьашьои украинатәи амчрақәа Донбасс аинышәара ақәныҟәара ахәҭаны иахьырымшьои дрыхцәажәоит Пушилин РИА Новости акорреспондент Иури Воиткевич аинтервиу иҭо.

Донецктәи жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин Украина амчра ҿыцқәа рыгәра шимго иӡаӡом Минск "Штайнмайер иформула" анапы шаҵаҩугьы, аганқәа рыҩбагьы наҟ-ааҟ еиҟәыҭхахоит ҳәа аҳәамҭа шыҟаҵогьы. Иара агәрахаҵара имам Киев ахахьы иагаз ахыдҵақәа инхарҭәааны инанагӡап ҳәа.

- Киев "Штайнмайер иформула" анапы аҵаҩра азҵаара аӡбра злалшазеи?

- Киев акәӡам анапаҵаҩра алзыршаз, аԥхьа иргыланы ареспубликақәа роуп уи алзыршаз. Иара убасгьы анапаҵаҩра алдыршеит атәыла-хәдықәҵацәа Урыстәыла, Франциа, Германиа. Урҭ ирылшеит Украина анырра азура. Аформула анапы аҵаҩра иазыхиан "нормандтәи аформат" аҿы 2015-2016 шықәсқәа раан. Усҟан Минск иҟаз Украина ахаҭарнакцәа ирҳәеит "Ҳара аформула аганахь ала акгьы ҳаздырам, акгьы ҟаҳҵом" ҳәа. Убри алагьы еилгеит усҟан.

ДЖәР Жәлар Рхеилак ахантәаҩы Денис Пушилин - Sputnik Аҧсны
Пушилин: Аԥсны аԥышәа акыр иаҳзыхәарҭоуп

Арҭ ашықәсқәа зегьы аформула акәша-мыкәша ацәажәарақәа мҩаԥысуан. Уажәы, Украина амчрақәа анҿыцха агәаанагара ҳазцәырҵит Киев ахыдҵақәа рганахьалааҟазшьа аԥсахып ҳәа, еиҭакрақәакгьы ҟалап ҳәа ҳгәыӷит. Убри азы уаанӡатәи егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа раасҭа имарианы иҟоу "Штайнмайер иформула" аҟны ҳаангылеит. Аха уажәшьҭан Украина ахаҭарнакцәа аинырратә гәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны зегь шәҟәыла еиҿккатәны иаҳшьеит. Аҽа усдҵаны иаҳшьеит Петровскии Золотои рҟны амчрақәа реихыгара. Ари иҿыцу акакәым, 2016 шықәса раахыс аҭыԥ змаз аилагарақәа рыриашароуп. Усҟан аучасткақәа хԥа рҿы амчқәа еидыган. Арҭ аҭыԥқәа Минск ашәарҭадаратә гәыԥ маҷ ишьақәнарӷәӷәахьан. Аформула ахаҭа аганахь ала акәзар Украина ареспубликақәа рҿаԥхьа маҷк иҟәызар, Петровскии Золотои рганахь ала Порошенко Станица Луганскаиа аҿы ихы иаирхәаз аинсинуациақәа аабоит. Арҭ аинсинуациақәа ахархәара рыман "бжьымш аҭынчра" аан. Усҟан арҭ амшқәа азгәарҭар акәын ОБСЕ ахаҭарнакцәа. 80-нтә рҟынӡа аамҭа-аамҭалатәи аҭынчрақәа рыларҳәахьан аха Станица Луганскаиа аҭагылазаашьа ҽыԥсахрада иаанхон. Уажәы Украина, Станица Луганскаиа аҿы ҽазышәарақәак мҩаԥнагоит ахаубри аан Петровскоеи Золотоеи аблокада иҭанакит. Ҳара иҳалшон украинатәи амчрақәа реилкаара ҳалҳаршар – уажәы уа ихуаадоу арадикалцәа ирҭаху ҟарҵоит, џьоукгьы амитингқәа еизго ирылоуп. Аха иабеилаҳкаари абарҭ аамҭақәа раан ҳҵакырадгьылқәа ахқәа рхашәышәуазар, уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа ракәзаргьы еиуеиԥшым аформатқәа рҟны иарбамзар.

ДЖәР Жәлар Рхеилак ахантәаҩы Денис Пушилин - Sputnik Аҧсны
ДЖәР (ДНР) ахьыԥшымра алацәажәара заацәоуп

Арадикалцәа рпроблема – иахьатәи украинатәи амчрақәа ирыпроблемоуп. Аха убри аан дара иазхо амчрақәа рымоуп Иреиҳаӡоу арадаҿы. Иара убасгьы дара ирымоуп алшара Аминистрцәа реилазаараҿы, избанзар дара роуп уа аиҳара змоу. Убри азы арадикалцәа реиԥш даара ирацәахаз егьырҭ анеонацистцәагьы ириааир алшоит. Иааидкыланы ари Украина иапроблемоуп. Ҳара ҳхыдҵақәа аханатә инаҳагӡоит. Ҳазыхиоуп минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара. Аха ари зегьы ганкахьы мацарала аӡбра алшом. Ҳара иаҳҭахызаргьы украинатәи азакәанԥҵара ҳзыԥсахуам. Иаҳзыԥсахуам украинатәи аконституциа ҳхазы астатус ҷыда аҳарбарц. Уи ҟазҵаша Украиноуп. "Штайнмайер иформулаз" аума амчқәа реиҟәыгараз аума – ампыл Украина аганахь иҟоуп. "Штайнмайер иформулаз" азакәанԥҵараҿ аимплементациа аҭахуп. Иреиҳаӡоу арадаҿ дара еиҳазар уи амҩаԥгарагьы алшароуп. Петровскии Золотои рганахь ала – цәажәарада аус ҟаҵатәуп. Ҳара уи ҳазыхиоуп.

- Киев амчқәа реиҟәгара иақәшаҳаҭхеит, "Штайнмайер иформула" анапы аҵанаҩит, аха убри аан арҭ азҵаарақәа рҿы еиҭакра ыҟам, уи шԥеилкаатәу?

- Зеленски уажәы Порошенко дишьҭрақәланы ихы мҩаԥигоит. Амчрахь даннеиуаз раԥхьа иргыланы аҭынчра алсыршоит ҳәа иҳәон. Шықәсыбжак иахысхьеит уиижьҭеи аха абџьармца аанкыларазы адҵа ҟаҵам. Иарбанызаалак пункткгьы нагӡам Украина аганахь ала. Убри азы уажәы Порошенк еиҳа данеицәаз аамҭақәа роуп иаабоу.

- Иалшома Киев "Штайнмайер иформула" анагӡара?

- Сара уи сақәгәыӷуам. Украина уаанӡеиԥш анапхгара ражәеи руси еимадаӡам.

-"Штайнмайер иформула" Донбасс аҭагылазаашьа аԥсахыр алшома?

-"Штайнмайер иформула" ауснагӡатәқәа реизга ахәҭак акәноуп ишыҟоу. Иара алшарақәа рымҩа аанартуеит ауп. Ус шакәугьы Украина иахьа, уаҵәы ма мызкы рышьҭахь акәзаргьы аформула аимплементациа азнауп ҳәа сыҟам. Угәы унархьуазаргьы Украина аганахьынтә иҳаҳауа зынӡа аҽакӡоуп.

Украинские военные - Sputnik Аҧсны
ДЖәР аинырратә цәаҳәаҿы ахҭысқәа иарбанызаалак аҿиара роур алшоит ҳәа иԥшуп

- Киев абри аҟынтәи феидас иаиуазеи?

- Аамҭа аларгоит. Арадикалцәа ргәы ҟарҵошәа ддырбоит. Аха арадикалцәа дара релекторат ракәӡам. Ахаангьы арадикалцәа дара бзиа ирбараны иҟаӡам. Зеленски амчрахь дназгаз арадикалцәа ракәӡам, аҭынчра зҭаху ауаа роуп уахь дназгаз. Урҭ 70% ыҟоуп. Аха Зеленски 70% ирҳәо иирҳарц иҭахӡам, еиҳа дырзыӡырҩыр иҭахуп знапахьы даазгар зҭаху арадикалцәеи анеонацистцәеи.

- Киев "Штайнмайер иформула" аднакыларц азы иҟаҵатәузеи, аамҭагьы заҟа аҭаххозеи?

- Ҳара изныкымкәа адунеитә уаажәларра рахь, аҳәынҭқарра дуқәа рахь аҳәара ҟаҳҵахьеит иаҳҳәо раҳарц азы. Урыстәыла заҵәык ауп ацхыраара ҳадызгало, Украина абри аганахь ала ашьаҿақәа азырҟаҵарц иаҿу. Ус шакәугьы фышықәсоуп Украина ахыдҵақәа рынагӡаразы аҭыԥ иахымҵуеижьҭеи. Убри азы аамҭақәа рыӡбахә аҳәара ҵак амаӡам.

- Иазыхиоума ДЖәР минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла ԥхьаҟа ацара?

- Ҳара азыхиара адагьы ҳааҟәымҵӡакәа уи атәы ҳҳәоит. Абри атәоуп ирҳәо ҳхаҭарнакцәа Минсктәи аиҿцәажәарақәа раан. Уи адагьы ҳара ҳганахь ала иахәҭаны иҟоу ашьаҿақәа зегьы ҟаҵоуп. Минсктәи аиԥыларақәа аҽа альтернативак рыманы иаабом Украина усеиԥш ишамԥхьаӡогьы.

- "Штайнмайер иформула" анагӡара Донбасс аибашьра ннакылома?

- Ауснагӡатәқәа ркомплекс иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан иҳадаҳкылеит. Уа ирацәоуп акомпромисстә пунктқәа. Ус шакәгьы аҭынчрахь ҳназгараны иҟаз "амҩатә хсаала" аус амуит. Иныҭкааны апунктқәа зегьы рынагӡароуп аимак аҭышәныртәалара, аҭынчра аагара алзыршо. Аха Украина минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа уи зынӡа гәҭакыс ирыманы иаабом.

- Амчқәа реиҟәгара аимак аҭышәныртәалара ацхыраара анаҭар алшома?

- Агәҭакқәа ртәы ҳҳәозар, иҵоуроу адинамика рымоуп ҳәа уҳәар алшоит, аха анагӡара шьақәхоуп. Ахара здаҳҵогьы Украиноуп.

- Ишԥеилкаатәу Киев иҟанаҵаз аҳәамҭа – ДжәРи  ЛЖәРи аԥыххар минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ҟалоит ҳәа?

- Ари аҳәамҭа аилкаара уадаҩуп. ДжәРи ЛЖәРи аԥыххар дара зацәажәода? Украина акәӡам ДжәРи ЛЖәРи рлахьынҵа зыӡбаша. Донбасс ауааԥсыра роуп уи знапы иану. Дасу илахьынҵа иара иӡбароуп.

Урыстәылеи, Германиеи, Украинеи, Франциеи рхадацәа реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Минсктәи аиҿцәажәарақәа альтернатива рыман иҟам

- Минсктәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟа рцареи ДжәРи ЛЖәРи раԥыхраз аҳәамҭеи еидкылашьас ирымои?

- Украина ақәгәыӷра уадаҩуп. Иахьа иаҳәо уаҵәы иаҳәом. Ишыздыруала Минск аиԥылараан Украина ахаҭарнакцәа ареспубликақәа раԥыхразы иарбанызаалак ҳәамҭа ҟарымҵеит. Убри азы уи оумашәа иубаша усуп.

- Минск, ареспубликақәа рхаҭарнакцәа ари аҳәамҭа анырра рзыҟанаҵама?

- Ҳара аҽазныкгьы агәра аагеит аус ахьҳамоу зеиԥшроу. Иаҳҳәоз акы Украина иахәҭоу аҭак азыҟаҵомызт. Ҳара минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ҳазыхиоуп, уажәы уи ҳазыԥшуп Украина аҟынтәгьы. Макьаназы ҳаԥшуп.

- Еиҭа заҟа иԥштәхозеи?

- Аамҭа иаҳнарбап. Иахьа иаабо ала Украина бзиара ыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0