Мариа Бутина: абахҭаҿы сара Раша ҳәа исышьҭан

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМариа Бутина
Мариа Бутина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мариа Бутина 18 мзы америкатәи абахҭа дҭакын. Жьҭаара 26 рзы Урыстәылаҟа дхынҳәит. Илхылгаз, лаԥхьаҟатәи лыпланқәа, арҭ аамҭақәа рзы лыҽшылыԥсахыз уҳәа РИА Новости RT акорреспондент Михаил Тургиев изеиҭалҳәоит.

- Мариа, сааҭқәак роуп ЕАА ааншәыжьишьҭеи иҵуа. Уаанӡа фымз шәҭакын. Иҟоу шԥашәныруеи?

- Сыԥсҭазаара зегьы ҩбаны еихшоушәа избоит. Иҟаз зегьы сара сакәымкәа аҽаӡәы ихигазшәа исныруеит. Иҟалап убри акәзаргьы сандырбаандаҩ сеиқәзырхаз. Уажәы џьанаҭ саҭоушәа схы збоит.

- Иахьатәи амш, аҵыхәтәантәи абахҭаҿтәи амш шԥамҩаԥыси?

СМИ: ПРО США будет беспомощна против нового гиперзвукового оружия РФ - Sputnik Аҧсны
ЕАШ Урыстәыла абџьар ҿыц аҿагылара шалымшо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

- Зегь планла имҩаԥымсит. Ашьыжь, асааҭ 8 рзы сшыргашаз азы ашәҟәы сырҭеит. Сара асааҭ 8 рзы акәымкәа, асааҭ 6 рзы сҭыргеит. Убри аамҭазы зегьы рышәқәа адыркит. Алашьцара салганы сыргон. Хәымз азеиԥш режим аҿы сынхон. Нас, абри аҩыза ашоу зеиҿыркааз ҳәа акгьы сыздырам. Акассахь снаганы аԥара сырҭеит. Адолларқәа аки аки еиқәҵаны исдыркит. Ари сара абахҭаҿы исырҳаз ԥаран. Мзы цыԥхьаӡа 28 доллари 80 центи сықәнагон. Америкатәи абахҭа кьаҭароуп ҳәа ахызҳәаауа ишәасҳәоит: мап, - америкатәи абахҭа џьаҳанымуп.

Ара тәроуп иҟоу. Аус умур аизалиатор ахь унаргоит. Абарҭ амҩаԥгарақәа рышьҭахь еиҭах акамерахь снаргеит. Сара шьыжьхьа саҳәеит, аха шьыжьхьа сзазыԥхьагәаҭамызт, ус еинырслак сырҭеит. Сааҭк ашьҭахь ашьҭахьтәи адәылҵырҭала сдәылыргеит амаршалцәа. Ҩ-машьынак гылан. Акы сара сҭадыртәеит, егьи – амаршалцәа. Арахьала сзыргаз аҩналарҭаҿы ажурналистцәа гылан.

Уантәи амиграциатә маҵзурахьы сыргеит. Уа ԥшь-сааҭк саанкыланы срыман. Сыкрыфара аӡәгьы дахәаԥшуамызт. Архьшәашәага иҭаз ак рԥханы исымҵадыргылеит ауп. Аӡыҵәҟьа исызхаша рымамызт. Америка аӡы нҵәазшәа. Абри ашьҭахь аҳаиртә баӷәазахь сыргеит. Ареис Таллахасси – Маиами сақәдыртәеит. Аҳаирплан шаатәазҵәҟьа фҩык армаҭәа зшәыз сԥылеит. Еиҭах џьара срыманы рҿынархеит. Акаҭасахьа змаз уадак ахь снаргеит. Иара ашә акуамызт азы ашә амаршал дыладыртәеит сыбналар ҳәа ишәозшәа. Еиҭах схәы сышәҭ сҳәеит. Акрысҿарҵеит. Арахь сахьыргаша сахьааргаша ҳәа акгьы сарҳәом. Саб аҭел бизасыр ҟалоит ҳәа сарҳәеит. Саб иҭел ахь изҩит аха аицәажәара рымуит. Сахьҭакыз асаркьатә ҭӡы аман, ашьашьмаҭреи иареи еимадан. Аамҭақәак рышьҭахь еиҭахгьы ашьҭахьтәи адәылҵырҭала аҳаирпалан ахь снаргеит. "Абзиараз" ҳәа насаҳәаны соурышьҭит.

- Шәымаҭәақәа шьҭышәхыр рума?

- Шәҟәқәак шьҭысхит ауп. Арасацырақәа сџьыба иҭасыԥсеит. Ииашангьы иҟасҵеит. Ауаарашәа акрахьысҿарҵаз аҳаирплан аҿоуп. Атәыла ахәшьара ауҭар ауеит иҭаку ишрызныҟәо ала. Даара ибааԥсны ирызныҟәоит иҭаку. Атәымуаа ртәы зынӡа аҳәарагьы аҭахым.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу - Sputnik Аҧсны
Шоигу: ИАР аҳәаақәа рҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалам

- Абриаҟара аамҭа ашьҭахь шәхала аҳаирплан аҿы шәанаанха шәзызхәыцуааз?

- Анцәа сиҳәон, сиаҭабуан. Иарбанызаалак сзықәшәозаалак Абиблиа аҟынтәи Исаи иажәақәа сгәаласыршәон "Бахьыҟазаалак сара бара сбыцуп" ҳәа. Ииашаҵәҟьаны Анцәа еснагь дсыцын.

- Аҩны ишԥашәзыԥшыз?

- Сан аҽырхиара даҿыижьҭеи акырҵуан. Еснагь дсазҵаауан ибзыҟасҵари ибызсырхиари ҳәа. Исфо, исшәысҵо акраанагошәа. Аха сара еилыскаауан лара лыԥшра лара лызгьы сара сызгьы акыр шаанагоз. Ан еснагь лыԥҳа лаара дазыԥшуп. Ажәакала арҭ аҽазырхиарақәа аԥсихологиатә ҟазшьа рымоуп. Сара издыруан ари амш шыҟалоз аха сахьыржьақәахьаз иахырҟьаны азхәыцра сацәшәон. Аҳаирплан шьҭыԥраанӡа агәра нагӡаны исызхаҵомызт соурышьҭит ҳәа.

- Иҷыдоу ак сызшәырхиа ҳәа рашәҳәама шәҭаацәа?

- Ес-ԥшьаша абахҭаҿы акәтыжь рырҭон. Аха дара хәыҷқәан. Убри азы сан иласҳәеит: "Хә-кәтык сызӡы. Сара рыхәбагьы сфоит" ҳәа. Еиҭахгьы абананқәа срыҳәеит. Избан сыздырам аха абананқәа Америка идефицитуп. Аныҳәақәа раан акәын абананқәа анҳарҭоз. Ажәакала акәтыжьи абанани срыҳәеит.

- Планқәас ишәымоузеи раԥхьатәи амшқәа рзы?

- Макьаназ акгьы сыздырам. Сыԥсы сшьап, сыцәап сызхара, нас ҳахәаԥшып. Макьаназ сҭыԥ аҿы смааицт. Избарц исҭаху макьаназ сҭаацәа заҵәык роуп. Сара еснагь схы иҭаз дара ракәын. Издыруан сара саасҭа дара рзы еиҳа ишыуадаҩыз сҭагылазаашьа. Сара сахьҭакыз хазынарак шакәмызгьы сҭаацәа рхы иҭаз иҵегьы иуадаҩын. Даара сеигәырӷьоит аҩныҟа сыхынҳәра. Ҩба-хԥа мшы Москва саанхоит нас Барнаулҟа сцоит.

- Ишәхарарҵаз шәабанӡазыԥшымыз?

- Агәрагара уадаҩын. Ақьаадқәа анызба аԥхьа хәмаррак акәыз џьысшьеит. Twitter-дыррақәа еихәлапашьны ианеиҭаго иуҳәари. Убас, "Техника на грани фантастики" ҳәа ажәеидҳәала ыҟоуп. Ишеилыскаауа ала ажәа атехника technics ҳәа еиҭаргоит. Аха дара equipment (арбџьар хархәага - аред.) ҳәа еиҭаргеит. "Secret equipment" акәхеит. Ари анызба аԥхьа агәра сзымгеит. Уи адагьы ажәытәтәи сҩызеи сареи ҳашәҟәеимдара америкатәи аиҿкаара аҽалархәра иазкызшәа анадырба зынӡа иџьасшьеит. "Алиса в стране чудес" ахьӡуп исхызгаз зегьы. Дара ишәарҭоу аӡә дааныркылазшәа ргәы иаанагазаргьы, ауаҩы даанукылаанӡа дзакәу еилургароуп. Абахҭа дҭоукаанӡа иҟоу еилыргатәыми. Иҟаз анеилдыргагь рхара рхы иахырхыр акәхеит.

Дмитрий Медведев - Sputnik Аҧсны
Медведев: ҳбанкқәа рганахь Америка иҟарҵо асанкциақәа хәаахәҭратә еибашьраоуп

- Асенат ахь ишәыԥхьеит, аԥхьа шәҩыза рԥыс иҩны еимырдеит, нас шәара шәыҩны. Абри зегьы агәҽанҵара шәнамҭаӡеи?

- Сара азин пату ахьақәу атәылаҿ сыҟоуп ҳәа схы сшьон. АИХ рҿы сара сзы ирбалак рҳәон, аха уи сара сахыччон, избанзар схы цқьаны избон. Аха ахарадҵара мариазаап. Ари зегь Еиду аштатқәа рҟны рыҟалара сара сзы сиурреализмхеит.

- Ус шакәугьы ахар шәхы иадышәҵеит. Уи шԥеилкаатәу?

- Сара хараны схы иадысҵаз аҳәаанырцәтә агентк иҳасаб ала схы ахьысымшьаз ауп. Изакәаным ак ҟасымҵеит. Аԥырхага аӡәгьы исымҭеит. Акызаҵәык америкатәи атәылауаҩ уаххьахьы сицнеит. Иара нас абахҭа сҭакра ахәҭаны иахьибаз, уи атәы сыздырам. Ақәыӷәӷәара сзыҟарҵон. Адокументқәа снапы рыҵазҩаанӡа жәамш рыҩныҵҟа аӡәзаӡәык икамера сҭакын. Уи сара сыршәара, сырхьхәра акәын изызкыз. Амаӡақәа расҳәар рҭахын аха рыцҳарас иҟалаз сара маӡа сымамызт. Шәахәаԥш америкатәи аусӡбара. 98-99 процент ауаа ахара рхахьы иргоит. Жәларбжьаратәи аӡбара ахыжьра сыдыргалазҭгьы, аҵыхәтәанӡа сықәԥалон, аха ара уи акгьы аанаго иҟамызт. Сара усгьы сшпионны сыршьон.

- Зегь раасҭа иуадаҩыз арҭ 18 мзы рыҩныҵҟа?

- Сҭаацәа рымбара, аҭел ала рацәажәара алымшара. Мчыбжьык ахь знык рыбжьы ансаҳалак саҟара сыцлон.

- Шәара акраамҭа аӡәзаҵәык икамерақәа рҟны шәҭакын. Изеиԥшрои уа аҭагылазаашьа?

- Аӡәгьы дубом. Аӡәгьы уибом. Ухәы ааргоит. Жәа-минуҭк анҵлак уџьамқәа ргоит. Уахынла заҵәык удәылрыжьуеит. Сара асааҭ акы инаркны хԥа рҟынӡа адәахьы сдәылыргон. Убри аамҭаз ауп аҭел асра азингьы аныҟоу. Аха иҟалон аҭел санзамысуаз. Уи уа уда аӡәгьы хьаас имаӡам. Абри аамҭа иалагӡан ауп аҽыкәабара ахыҿышра аныҟало. Акамераҿ акыр ихьҭан азы абаҩырҵәыра ҟасҵон. Аиҳаракгьы аӡын. Егьи аамҭазы утәоуп, акы уаԥхьоит, ак уҩуеит. Сара сԥенџьырқәа рҟынтәи избоз ақырмыт ҭӡы заҵәык акәын. 30 шықәса убра саԥылеит. Нас сара аҽаџьара сиаргеит. Уа иҭакыз ацәгьара ду ҟазҵаз ауаа ракәын. Сҭагылазаашьа еицәахеит. Абри ашьҭахь сеиҭаиаргахт акамерахь, аха адәахьтәи сныҟәарақәа ԥыркит. Акызаҵәык аспортзал ахь анеира ҟалон. Ашьыжь. Асааҭ 5-6 рзы.

Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Санкт-Петербург - Sputnik Аҧсны
Путин Европа афымцатә ресурсқәа Америка иахьамархәҳауа хыданыхраны ибоит

- Шәхала аҟазаара шԥашәхыжәгоз?

- Сааҭ-цыԥхьаӡа акака ирзыскуан. Ахы азаанхара шәарҭоуп. Аԥхьатә рацәаны исыман. Аиҳарак адоуҳатә литература. Аб Виктор Абиблиа сызнеигеит англыз бызшәала. Ажәар сыман. Хәылбыҽхала аклассикатә литература саԥхьон. "Анна Каренина", "Преступление и наказание", Чехов, Лермонтов, Достоевски. Нас аспорт. Мышкахьы 90 минуҭ аспорт иазыскуан. Уи сеиқәнархон.

- Шәахьоурысыз азы ишԥашәызныҟәоз?

- Абахҭаҿ амилаҭ азҵаара ыҟаӡам. Уи ирласны ауаҩы дзакәу еилургоит. Ауаа зехьынџьара еиԥшӡам. Ирацәаҩуп злахьынҵақәа рҟәу ауаа. Америка ауаҩы ицхрааразы акгьы ҟарҵом.

- ФБР агентцәа ишәарҳәооз 52 сааҭ ианшәацәажәоз?

- Исазҵаауан аиҳабыра аус рыцызуоу ирыцзымуоу. Мап сҳәеит. Исҳәоз зегьы ашәҟәы ианырҵон. Еибыҳәатәыс иҳамааз. Изазҵаауаз Торшины бареи ишәыбжьозеи ҳәа акәын. Агәра рызгомызт аҳәынҭқаррақәеи ауааи рыбжьара аиҩызара ыҟазар шалшоз. 15 шықәса анысхыҵуаз инаркны адыррақәа, афотосахьақәа зегьы шьҭырхит, сҩызцәа зегьы ҭырҵааит. Сандуцәа рыхьыӡқәаҵәҟьа иазҵаауан.

- Ишәыдырҵаз ахара шԥашәыдышәкылеи?

- Сус зыӡбоз уаанӡатәи лусӡбарақәа срыхәаԥшит нас. Еснагь ашықәс армаҷра лҽазылшәон. Сара саан заҵәык ауп апрокуратура данрықәшаҳаҭхаз. Ахарадҵа сара сзы еидарахеит. Сара иара убри амш аҽны соурыжьуаз џьысшьон. Акамерахь саныхынҳәо аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа рыла слахьынҵа рдыруан. Сан аҭел сылзасит. Аҵәыуара сакуан.

- Еиҳа алшара шәызҭеи?

- Анцәа. Агәрагара. Анцәа игәрахаҵара. Сара уа анцәа дхасҵо салагеит. Иҟалап ҳаԥсҭазаараҿы уи зегьы иреиҳазаргьы. Сара уаанӡа уи сацәыхаран. Уажәы амч снаҭон. Иара убасгьы сара сус иашьклаԥшуан стәыла. Уигьы амчра снаҭон.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров: Урыстәыла Еиду аштатқәа рыҿцәажәара еснагь иазыхиоуп

- Таллахасс еиҳа имариазма?

- Зегь раасҭа иуадаҩу амаршалцәа рсистемоуп. Уи ауаҩы иларҟәра асистемоуп. Ашьашьмахьы 16 сааҭ уанынармышьҭуа, афатә-ажәтә анурымҭо. Уи ашьҭахь Афедералтә бахҭахь уаннеиуа (Таллахасс абахҭа арахь иаҵанакуан - аред.) џьанаҭ унеизшәа ухы убоит. Уа адәы убоит, укрыфара еиҳа иацклаԥшуп. Ус шакәугьы уа ауаа акраамҭа иаанхоит. Зынӡа имаҷӡоу ацәгьоуразгьы Америка ашықәс рацәа уқәырҵоит.

-Абахҭаҿ усс иҟашәҵоз?

-Аматематика дсырҵон. Америка ҳара ҳҟны ЕГЕ шыҟоу еиԥш аԥышәара ыҟоуп. Абахҭа иҭаку реиҳараҩык аҵара рымаӡам. Ҳара ҳҟны ахәыҷқәа еиҳа рдырра ыҟоуп 30-40 шықәса зхыҵуа раасҭа. Ашьҭыхра ашараҵәҟьа рыздырам. Сара иазыҟасҵоз зегьы аԥышәарақәа рҭиит. Уҵаҩы ЕГЕ изыҭизар, уҿҳәара бжьымш агдырхоит азы уи сара даара сеигәырӷьон.

- Шәыҿҳәара изагдырхеи?

-Аҵара ахьыдсырҵози ахымҩаԥгашьази. Сара зинеилагарак ҟасымҵеит. Аус зуан.

- Аусура мап ацәкра ҟамлозаргьы иуҭаху аус узалхуазма?

- Иҟалоит аха аԥхьатәи 120 мшы акҿаҩраҿы аус уулароуп. Сара мап сымкит избанзар аԥарагь еиҳаны иршәоит аамҭагьы еиҳа иумоуп. Урҵаҩызар 17 доллар ршәоит, усаанӡәӡәаҩызар -28.80.

- Аамҭа аншәымаз иҟашәҵооз?

- Ашәҟәыԥхьара иагон. Насгьы асаанӡәӡәара аамҭа рацәа ҳадхалаӡомызт. Александриантәи саниарга сгәабзиарагьы уашәшәыран. Сымч маҷын. Таллахасси, сҽышьақәсыргылеит. Сцәеи-сыбаҩи еикәыршаны аҟынӡа снеихьазар, ара схы сеигәырӷьо сҟалеит. Ус уҳәар ауазар…

Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Киргизию - Sputnik Аҧсны
Лавров: Вашингтон адунеи ашәарҭадаратә система ҵнашәаауеит

- Аҩызцәа ҳәа ӡәыр дшәоума?

- Таллахасси аҩыза бзиа дсырҳаит. 60 шықәса рҟынӡа шылхыҵуагьы даара ҳаидҳәалан, доуҳала ҳаизааигәахеит. Аамҭа рацәаны еицаҳхаагон. Сгәыӷуеит илықәу ашықәс анылхылгалак даҳзаап, сҭаацәеи лареи еибадырып ҳәа. Аҩбатәи сан ҳәа слышьҭан. Финлиандиа лыхьӡын.

- Финлиандиа Урыстәыла?

-Уа иҟан сыхьӡ ззыгәнымкылоз. Убри азы Раша (Russia) ҳәа исышьҭан.

- Иҭакыз шәырдыруазу?

- Таллахасс аԥхьа аурыс шпион ҳәа срыԥхьаӡон. Аха маҷ-маҷ сеилыркааит. Сҩыза Џьеимс Бенфорд сыхьчара иазкыз астатиа аниҩы абахҭаҿы зегь аԥхьеит. Еиҳа сыгәра ргеит. Аофициал АИХ ирҳәо еснагь ишиашам еилыркааит.

- Абахҭа аусзуҩцәа шԥашәызныҟәоз?

- Еиуеиԥшымкәа.

- Ишәхыжәгаз шәаԥсахыма?

- Ауаа Мраҭашәара аԥшӡара ихнахуеит, аԥсҭазаара ҽакны ирбоит. Саргьы ус ауп. Аха атәылақәа зегы рхатәы проблемақәа рымоуп. Анцәа ихаҵароуп ауаҩы мҩаны ишьҭихыша. Уи адагьы иааукәыршаны иҟоу удунеи уара иуԥсахуазароуп.

Вид на здание Белого дома в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Америкеи рхаҭарнакцәа атәылақәа реизыҟазаашьа иалацәажәеит

- Америкеи америкааи шәрызгәааны шәыҟаӡами?

- Мап. Америкаа даара ирыцҳасшьоит избанзар Америка тәылак еиԥш аӡра иаҿуп. Уа азинхьчара ыҟоуп ҳәа узҳәом. Арасизм адацқәа ашьҭуеит.

- Анапылаҩырақа рацәаны ишәымоуп рҳәеит. Уи закәызеи?

-  Сара сымшқәа зегьы ақьаад ианысҵон. 1100 даҟьа ҩны исымоуп. Амемуарқәа рыҩра заацәоуп аха схатә проект аус адызулоит.

- Урыстәыла зегьы алаԥш шәхын. Уи шәеиҭанакыма?

- Ааи. Аҭакԥхықәра сызцәырнагеит. Исхызгаз зегь рышьҭахь агхаҟаҵара даара ишәарҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0