Аурыс полициа акурдцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәаа раԥыргара иалагеит

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкәылӡтәы машьынақәа
Акәылӡтәы машьынақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша ЕАРи Ҭырқәтәылеи ирыларҳәеит Ҭырқәтәыла арратә операциа 120 сааҭ ишааннакылои акурд еиҿкаарақәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҟны 30-километратәи азонаҟынтәи ишаԥырыргои. Уажәы "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҟынтәи рыр адыргоит.

АҞӘА, жьҭаара 27– Sputnik. "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәааҟынтәи рыр шадырго азы адырра ҟарҵеит. Акурдцәа Шьамтәыла аҩадатәи аҭыԥ ашәарҭадаратә зона рҽаԥырырго иалагеит. Дара ара ирыԥсахуеит шьамтәылатәи аҳәаахьчаҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шьамтәыла аҳәынҭканалқәа Syria TV, Ikhbariya ишьақәдырӷәӷәоит акурд еиҿкаарақәа аҳәаа шынрыжьыз.

SDF акомандир Мазлум Абди Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу адырра ииҭеит Шьамтәылаз Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рнапы зҵаҩу амеморандум апунктқәа рынагӡаразы еилацәажәатәуп ҳәа.

Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит ИГ* ахада аль-Багдади дҭархоуп ҳәа

Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарреи" рықәгара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убри амш аҽны аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль-Абиад рымпыҵархалеит. Уи адагьы, Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.

Иара убасгьы амҽышазы рнапахьы иааргеит ақалақь Рас ель-Аин.

Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит.

Урыстәыла акәзар, Ҭырқәтәыла аимак иаԥырхагахаша аусқәа аҽрыцәхьанакыроуп ҳәа иашьоит.

Шәача абри апроблема аӡбаразы Владимир Путини Таиип Ердогани еиԥылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0