Забаикалие аррамаҵура ицызхызгоз зшьыз аруаҩ даанкылоуп

CC0 / / Абаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ҩыџьа ауаа инареиҳаны рышьразы" ҳәа ахәҭаҷ иаҵанакуа ацәгьоура зуз аруаҩ иԥсы ахьынӡаҭоу аҭакра иқәшәар ҟалоит.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Читатәи агорнизон арратә ӡбарҭа ддырбаандаҩит аруаҩ Рамиль Шамсутдинов. Аӡбарҭа адыррала, иара ааҩык аррамаҵзура ицахысуаз ауаа ишьит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аӡбаҩ Анна Бегишева лажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Читатәи агорнизон арратә ӡбарҭа ҩымз ҳәа ддырбаандаҩит аруаҩ Рамиль Шамсутдинов", - лҳәеит Бегишева.

Арыцҳара ҟалеит ахәашаҽны Забаикалтәи атәылаҿацә архәҭақәа руак аҿы. Аҟарул рҽеиҭныԥсахраан Рамиль Шамсутдинов иҩызцәа рылахысра далагеит. Ааҩык ҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит. Шамсутдинов иара уа дааныркылеит.

Ашьаус хацыркуп. Ахәрақәа зауз рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0