Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәааҿы иҟоу аибарххарақәа Қырҭтәыла иахаранаҵоит

© Foto / Stringer Ситуация на границы Грузии и Южной Осетии
Ситуация на границы Грузии и Южной Осетии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибарххаратә ҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инаган Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Ӡауск араион, Синагур ақыҭаҿы аҳәаа иахьаԥну иҟоу аибарххарақәа Қырҭтәыла иахаранаҵоит, амчрақәа еиднакылоит ҳәа иашьоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия ареспублика аҳәынҭшәарҭадара апресс-маҵзура ахада Екатерина Биазрова.

"Жьҭаара 28 рзы аиланхарҭа Синагур ааигәара еиҭахацдыркит уаанӡа зыргылара мҩаԥыргоз аблокпост. Ақырҭуа ган арратә мчрақәа аҳәаа радгара ацынхәраси изакәанымкәа идыргыло аблокпост аргылара аанкылара ацынхәраси урҭ ара рыҟазаара еиҳагьы иацырҵоит. Убри алагьы ашәарҭара еиҳагьы идырххоит", - лҳәеит Биазрова.

Аилак Евроеидгыла ахылаԥшыҩцәа рмиссиахь адырра ҟанаҵеит ақырҭуа полициа изакәаным ахымҩаԥгашьаз.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзура ишьақәнарӷәӷәеит ақырҭуа ԥшыхәратә гәыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахь ишҭалаз.

Знауртәи араион ақыҭа Цнелис ааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа, ақырҭуа ар аблокпост аргылара нападыркит нанҳәа 23 рзы.

Аблокпост ахьдыргылоз аҭыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иатәуп. Нанҳәа 29 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа МПРИ (Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи аҭак рыҭареи рзы Амеханизм) аформат ала 95-тәи аиԥылара ааннажьит Қырҭтәыла аҳәааҿы иаргыло аблокпост аргылара ари аиҿкаара иааннакыларц агәы иахьҭам азы.

Аибарххаратә ҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инаган Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа, нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0