"Џьокер" аԥхьахә "Оскар" аиуразы иқәнаргылеит 16 номинациа рыла

© Foto / Warner Bros"Џьокери" "Оскари" 16 номинациа рҿы еиԥылар алшоит
Џьокери Оскари 16 номинациа рҿы еиԥылар алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астудиа Warner Bros Тодд Филлипс и-"Џьокер" аԥхьахә "Оскар" аиуразы иқәнаргылеит 16 номинациа рыла.

АҞӘА, абҵара 5– Sputnik. Акиноеилахәыра Warner Bros адрама "Џьокер" 2019 шықәсазы иреиӷьу фильмны иаԥхьаӡоит. Астудиа Warner Bros Тодд Филлипс и-"Џьокер" аԥхьахә "Оскар" аиуразы иқәнаргылеит 24 номинациа рҟынтәи 16 номинациа рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥҵаҩцәа ргәаанагарала акиносахьа абарҭ аноминациақәа зегьы ирыԥсоуп: - ашықәсаз иреиӷьу афильм;

  • иреиӷьу арежессура (Тодд Филипс);
  • иреиӷьу асценари;
  • иреиӷьу ахаҵа ироль (Хоакин Феникс);
  • иреиӷьу ахаҵа ироль (аҩбатәи аплан) (Роберт де Ниро);
  • иреиӷьу аԥҳәыс лроль (аҩбатәи аплан) (Зази Битц, Френсис Конрои);
  • иреиӷьу актиортә ансамбль;
  • иреиӷьу аоператортә усумҭа;
  • иреиӷьу асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ иусумҭа;
  • иреиӷьу амонтаж;
  • иреиӷьу адизаин;
  • иреиӷьу абжьы амонтаж;
  • иреиӷьу аеффектқәа;
  • иреиӷьу абжьы;
  • иреиӷьу агрим;
  • иреиӷьу амузыка

Афильм заҟа "Оскар" аиур алшо еилкаахоит ажьырныҳәа 13 2020 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0