Путини Ердогани ҭелла еицәажәеит

© REUTERS / MURAD SEZERПутини Ердогани ҭелла еицәажәеит
Путини Ердогани ҭелла еицәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача, жьҭаара 22 рзы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рнапы еицаҵарҩит Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аусеицураз амеморандум.

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Таиип Ердогани ҭелла реицәажәараан иазааҭгылеит Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа, иазгәарҭеит шәачатәи амеморандум ишацәхьамҵуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла ахада Иусбарҭа адыррақ́ашьаҭас иҟаҵаны.

"Владимир Путини Таиип Ердогани ҭелла реицәажәараан иазааҭгылеит Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа, иазгәарҭеит жьҭаара 22 рзы рнапы зҵарҩыз шәачатәи амеморандум ишацәхьамҵуа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аицәажәараан иара убасгьы ирызхьаԥшит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа.

Шәача, жьҭаара 22 рзы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рнапы еицаҵарҩит Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иазырхоу аусеицураз амеморандум. Амеморандум аҿы иарбан урыстәылатәи арратә полициа жьҭаара 23 асааҭ 12:00 инаркны шьамтәыла-ҭырқәтәылатәи аҳәаахь ишнеиуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0