Украина Еиду аштатқәа рҟынтәи иаиуа ацхыраара иашахаҭак шьақәнарӷәӷәоит

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе
Международные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина Еиду аштатқәа рҟынтәи иаиуа ацхыраара иашахаҭак шьақәнарӷәӷәоит: америкатәи абџьар Урыстәыла амабзиара аӡәы изы иазымԥсахыцт, абас игәаанагара ыҟоуп арратә хҳәааҟаҵаҩ Александр Хроленко.

Украина арра-мшынтә мчқәа "Адунеитә океан ахь" аҽа шьаҿак ҟарҵеит: абҵара 9 рзы уаанӡа ЕАА аҟынтәи аидараӷба Ocean Freedom ала иааргеит иажәхьоу ахылаԥшра-ҷаԥшьаратә шхәақәа ҩба Island – Р 190 "Старобельски" Р 191 "Славянски" иреиԥшу. Арҭ ашхәақәа ЕАА аҟәарахьчаратә мчрақәа рҟны ашәҟәы иҭырхаанӡа Cutters Drummond, Cushing рыхьӡын. Рықәрагьы 30 шықәса иҭысхьеит. Аха, абасеиԥш иҟоу ашхәақәа фба "аҩбатәи аԥсҭазаара" аиура иаԥсахеит Украина арра-мшынтә мчрақәа рҿы.

Здание Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Вашингтон Украина атәылахьчара иазоунажьуеит 250 миллион доллар

Киев иҟоу агәаанагарала Island реиԥш зеиԥшу амшынцәаҳәа ааигәа ахылаԥшреи НАТО аӷбақәа адгылара рыҭараз Адгьылбжьаратә мшын ахь анеиреи рылшоит. Аха иҟалаз уи ауп, "Старобельски" "Славянски" одессатәи рреид ахь раԥхьатәи рцәырҵра архәашьит амилаҭтә шәарҭадаразы ЕАА ахада иабжьгаҩ Роберт О'Браиен иажәақәа: ЕАА Украина арратә цхыраара уаҳа ианаҭалом, Киеви Москвеи еилацәажәап ҳәагьы агәыӷра амоуп ҳәа.

ЕАА афедералтә биуџьет апроект аҿы иазыԥхьагәаҭоуп Украина ашәарҭадаразы 250 миллион доллар. 2018 шықәсазтәи атәылахьчаратә биуџьет иазыԥхьагәанаҭон Киев ацхырааразы 350 миллион доллар. 2014 шықәса раахыс америкаа рыцхыраара миллиард доллар инахыҳәҳәахьеит. Аха, жьҭаарамза анҵәамҭазы Вашингтон Украина арратә цхыраразы 400 миллион доллар рыла еиҵанатәит. Ари Киев азы узыргәырӷьаша акакәым.

Аибашьыгатә ашхәақәа

ЕАА аҟәарахьчаратә ҟәша Атәылахьчара аминистрра аилазаара иалаӡам. Иара инанагӡо аҳазалхра-полициатә напынҵақәа роуп. Убас, ааигәа иааныркылеит аконтрабандистцәеи 7 тоннак акокаини зҭаз аӷба. Амаҵзура азинхьчаратә акцент аханатә иԥнакуеит аӷбақәа ртактика-техникатә ҟазшьақәа. Ихароу аныҟәарақәеи амшын аҿы аибашьрақәеи "ԥхыӡуп". Иара убри азоуп Украина ԥхьаҟатәи "аокеантә флот" ЕАА аҟынтәи аидараӷбақәа ирықәҵаны изааргазгьы.

Жәларбжьаратәи аҿазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Украина Амшын еиқәаҿы аракетатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагараны иҟоуп

500 миль рҟынӡа аԥшаҳәа иацәыхараны аҟазаара зылшо аӷбақәа афлот амчра хадақәа – аракетатә ӷбақәа, амшынҵаҟатә ӷбақәа ирзаԥнаҵоит иманшәалоу аоперативтә режим. Аха арҭ рҩызцәа аусдҵақәа ахылаԥшра-ҷаԥшьаратә шхәақәа ирзынагӡом.

Island рӡыкапан 169 тонна иҟоуп, роура – 34 метра, рыҭбаара – 6,4 метра, рыццакыра –28 ӷбаццакыра, рекипаж 16-ҩык, ахалаҟазаара –5 уахыки-ҽнаки. Аԥхьанатә ашхәа 25-мм иҟоу артилерриатә шьақәгыла Mk 38 Mod 0 Bushmaster, 12,7-мм иҟоу апулемет М2НВ ақәгылоуп. Иақәгылоуп РЛС AN/SPS-73 аматортә шхәарчы. Арҭ еиқәыԥхьаӡоу азхоит изакәаным амиграциеи анаркотрафики раԥырҟәҟәааразы. Аха Island-қәа фба рыла Амшынеиқәатә зона ахьчареи Адгьылбжьаратә мшын аҟны НАТО аӷбақәа ацхыраара рыҭареи фантастикоуп ҳәа азуҳәар ҟалоит.

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот иаҿурԥшыр – ихшыҩдароуп ҳәа адагьы иччархәроуп ҳәа уҳәар ҟалоит.

Амалаҳәа

Украина арра-мшынтә мчрақәа реилазаараҿы ажәыларатә ӷбақәа зынӡа ирымам ҳәа уҳәар ҟалоит. Аӷбаргылара аганахь алагьы рыпланқәа ыҟаӡам. Рыфрегат заҵә "Гетман Сагайдачный" аремонт азура хыркәшахап ҳәагьы узҳәом. Антиквартә шхәақәа Island амш бааԥс азы рхәарҭара зынӡа илаҟәуеит. Америкатәи аҳамҭақәа зхәарҭоу алаԥина ацҳара иеиҳам, украинатәи абиуџьет акыр ишҭадырцәуагьы.

Аибашьыгатә техника армаӡара - Sputnik Аҧсны
Украина амчрақәа аинырратә цәаҳәахьы атехника хьанҭа наргоит

Еиду аштатқәа рҳамҭақәа – Island украинатәи абиуџьет 10 миллион доллар рҟынӡа агнархеит. Егьырҭ иаарымгацкәа иҟоу ашхәақәа аԥшьба рзгьы Киев 20 миллион доллар ашәар акәхоит. Аԥара ду шрыхшәааугьы дара зҿыцхом, аекипаж рызгьы ишәарҭоуп.избанзар 2017 шықәса рзы ашәҟәы ианҭыргоз амалыр рацәа рыманы иҟан. Аҵыхәәтантәи рремонтгьы хәышықәса раԥхьоуп ианымҩаԥыргахьаз.

Иашала, ари аҩыза агәыжә-мыжә наҟ икажьтәуп, аха америкаа уи аԥарахшәаара рҭахым. Еиҳа еиӷьны ирыԥхьаӡоит "рпартниорцәа" хә-маҷла ирырҭар. Убас, 2015 шықәса рзы ашхәақәа хԥа Island Пакистан иаанахәеит, 2016 шықәса рзы – Қырҭтәыла ҩ-шхәак аанахәеит, 2017 шықәса рзы –"Айлендԥәа" ҩба аанахәеит Коста-Рика.

НАТО арра-ҽазыҟаҵаратә уснагӡатә Sea Breeze алахәрала ма "ажә-мыжә" аныҟәгарала фырхаҵара узаарԥшуам. Вашингтон "апартнерцәа" рахь иамоу аинтерес иахьа иҟазар уаҵәы иҟамлар алшоит. Урыстәыла агәыламабзиара иреиӷьу абџьар аасҭа ахьчара алшоны ишыҟоу дырзар зегьы иреиӷьуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0