Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз аветеран иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРеихстаг аҿы зыжәла анызҵаз аветеран иԥсҭазаара далҵит
Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз аветеран иԥсҭазаара далҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Берлин иҭыхыз афотосахьа ашьаҭала СССР иҭрыжьит миллионки бжаки зтираж наӡоз асаламшәҟәаартқәа.

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Аветеран-аибашьҩы Семион Усачов, Берлин агара алахәыла, Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз, иԥсҭазаара далҵит 95-шықәса дшырҭагылаз украинатәи Славианск аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАветеран-аибашьҩы Семион Усачов
Реихстаг аҿы зыжәла анызҵаз аветеран иԥсҭазаара далҵит - Sputnik Аҧсны
Аветеран-аибашьҩы Семион Усачов

Усачов деицырдыруа дҟалеит лаҵара 9 1945 шықәса рзы Реихстаг аҿы ихьӡ ананиҵоз иҭырхыз афотосахьа ала. Абри Берлин иҭыхыз афотосахьа ашьаҭала СССР, 1985 шықәса рзы иҭрыжьит миллионки бжаки зтираж наӡоз асаламшәҟәаартқәа.

Усачов иинтервиуқәа руак аҿы иҳәеит Studebaker дықәгылан мела ишыҟаиҵаз анҵамҭа: "9.5.45. Усачев".

Ажәабжьқәа зегьы
0