Шәача ашьхашәҩатә сезон ԥхынҷкәын 6 рзы иаадыртуеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәача ашьхашәҩатә сезон ԥхынҷкәын 6 рзы иаадыртуеит
Шәача ашьхашәҩатә сезон ԥхынҷкәын 6 рзы иаадыртуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы илеиз асы иалнаршеит акурорт "Красная Поляна" аҟны ашьхашәҩатә сезон еиҳа заа аартра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы илеиз асы иалнаршеит акурорт "Красная Поляна" аҟны ашьхашәҩатә сезон еиҳа заа - ԥхынҷкәын 6 рзы аартра. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь ахадара асаит.

Ииасыз ашықәс азы акурорт "Красная Поляна" аҟны ашьхашәҩа асезон аартын ԥхынҷкәын аҽеҩшамҭаз.

"Ԥхынҷкәын 14 рзы ара иазԥхьагәаҭоуп аӡынразтәи раԥхьатәи аныҳәатә уснагӡатә - "Fun Contest Первый снег". Апрограммаҿ иазԥхьагәаҭоуп алахҿыхра зцу аспорттә еиндаҭларақәа шәҩала аныҟәаҩцәеи асноубордистцәеи рзы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Акурорт "Роза Хутор" аҿы официалла ашьхашәҩатә сезон аадыртуеит ԥхынҷкәын 20 рзы.

Акурорт аҿы асыԥсалеиратә шәарҭадара иахылаԥшуеит Афедералтә метеорологиатә маҵзураа усзуҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0