Германиатәи АИХқәа НАТО аӷа далыркааит

© AFP 2023 / ADRIAN DENNISСаммит НАТО
Саммит НАТО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анемец журналистцәа ргәаанагарала, НАТО апроблемақәа Европа зегьы ашәарҭадареи аизҳазыӷьареи рзы адраматә хылҿиаақәа аԥырҵар алшоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Анемец ҭыжьымҭа Die Welt иаҩуеит НАТО ҵызшәаауа Урыстәылеиԥш аренахь ишцәырҵыз аҽа тәылакгьы – Китаи.

Астатиа автор иазгәеиҭоит арра-политикатә блок аҿы Китаи аганахь ала иаку гәаанагарак шыҟам. ЕАА Китаи ираӷоу тәыланы иахәаԥшуазар, Германиеи Франциеи уи агәаанагара иадгылом.

"НАТО ашәарҭара ҩныҵҟалоуп ишҭагылоу. Адәныҟатә шәарҭара аԥырхаганы иҟаӡам. Мраҭашәаратәи атәылақәа рҟны ауааԥсыра рыбжьара имҩаԥырго азҵаара-ҭҵаарақәа иаадырԥшуеит Европатәи атәылақәа руааԥсыра Урыстәылантәи ашәарҭара ишацәымшәо. Иара убас Китаигьы иацәшәаӡом. Даар ирҭаху иҟоу аекономикатә уадаҩрақәа раан атәылахьчара аԥара рацәа ақәхарџьра иаҟәыҵырц ауп" ҳәа иҩуеит астатиа автор.

Астатиаҿы иарбоуп Китаи арратә мчра убриаҟара иҳаракуп, Австралиа, Аладатәи Кореиа, Иапониа уҳәа егьырҭ атәылақәа ршәарҭадара зыхьчоз Еиду аштатқәа роль акыр икаҳаит ҳәа.

Ус шакәугьы Аҩадатлантикатә алианс алалара зҭаху атәылақәа рацәоуп, аиҳаракгьы Варшаватәи апакт атәыла-лахәылацәа. Иазҳәап Қырҭтәылеи Украинеи НАТО алаларазы акыр аҽышәарақәа ҟарҵоит.

Анемец журналистцәа ргәаанагарала НАТО ашьаҭа ашьшьара иалагахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0