Ашықәс азы иреиӷьу актиорцәа алырхит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәс азы иреиӷьу актиорцәа алырхит
Ашықәс азы иреиӷьу актиорцәа алырхит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атоп иреиӷьу-10 ареитинг шьақәдыргылеит апортал IMDb аҵыхәтәантәи ашықәс адыррақәа рыла.

АҞӘА, ԥхынҷәын 6 - Sputnik. Акинопортал IMDb аҟны иркьыԥхьит 2019 шықәсазы еиҳа иалыркааз актиорцәеи актрисацәеи рсиа.к

Абри ашықәс азы реиҳа еицырдыруа актрисан лыхьӡ ҳәоуп Бри Ларсон, Капитана Марвел лроль ихәмаруаз.

Ареитинг аҿы аҩбатәи аҭыԥ нылкылеит Ерин Мориарти (асериал "Пацаны").

Нас,  Емилиа Кларк — Деинерис Таргариен  ("Игры престолов").

 Принцесса-невеста - Sputnik Аҧсны
Ауаҩы игәалаҟазаара шьҭызхуа афильмқәа иреиӷьқәоу алкаауп

Наоми Скотт, апринцесса Жасмин лроль анагӡаҩ.

Дакре Монтгомери (асериал "Очень странные дела") ахәбатәи аҭыԥ иоуит.

Афбатәи – Закари Ливаи (афильм DC "Шазам!").

Урҭ ирышьҭанеиуеит:  Киану Ривз, Роза Салазар, Марго Робби.

Асиа хиркәшоит  Хоакин Феникс  акиносахьа "Джокер" аҿы Джокер ироль анагӡаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0