Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа
Урыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Естониа азинмчратә структурақәа Sputnik Естониа ажурналистцәа, Естониа иатәылауаау русуразы иқәцаланы ирымоуп. Естониа официалла имақаруеит Sputnik Естониа ажурналистцәа шҭаркуазы, урҭ Ашықәс ҿыц, 2020 ажьырныҳәа 1 аҟынӡа русура аанырмыжьыр, ашьаус шхацдыркуазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Владимир Путин ахҳәаа аиҭеит амаҵзура Sputnik Естониа аҟны иҟалаз аҭагылазаашьа.

"Иалшо зегь ҟаҵалатәуп шәинформациеи шәиашареи иахьрыцәшәо атәылақәа рҟны ажурналистцәа аус руларц", - иҳәеит Путин.

Урыстәыла амчрақәа иалшо зегь ҟарҵалоит аҳәаанырцә Sputnik аусура адгылара аҭаразы.

"Иҟашәҵо рацәоуп. Шәусура аԥырхагахара арҭарц шырҭаху ҳамбазшәа ҟаҳамҵароуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Уаанӡа МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рдиректор хада Маргарита Симониан Естониа ахада  Керсти Калиулаид лахь ааԥхьара ҟалҵеит Sputnik Естониа ажурналистцәа рызҵаара лыӡбарц.

Симониан Естониа ахада даалыԥхьеит Sputnik ажурналистцәа рызҵаара иӡбарц - Sputnik Аҧсны
Симониан Естониа ахада Sputnik азҵаара иӡбарц ааԥхьара илҭеит

Уи аԥхьагьы  Симониан еиҭалҳәахьан Sputnik Естониа аҟны аус зуеи аусура зҭахуи шдыршәо атәы. Лара лажәақәа рыла абри атәылаҿы Sputnik апроблемақәа маҷымкәа иазцәырҵуеит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура хацнаркит Естониа 2016 шықәса рзы. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда еиҭарҳәалоит жәларбжьаратәи ажәабжьқәа, аҭагылазаашьақәа.

Ажәабжьтә портал ҿыц Sputnik Естониа амультимедиатә контент аԥхьаҩцәа ирыднагалоит: аинфографика, авидео, афоторепортажқәа, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Урҭ рыдагьы араҟа ицәыргахоит аналитикатә материалқәа, аинтервиуқәа, аексперт хәшьарақәа.

Естониа заҵәык аҿоуп – Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik  рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив  35 –ҩык рыла ишьақәгылоуп, 3-ҩык урҭ рҟынтәи Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа  30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0