Урыстәылатәи ажурналистцәа Ракка иаҭааит

© © AP Photo / Gabriel ChaimГород Ракка, Сирия. Архивное фото
Город Ракка, Сирия. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ИГИЛ атеррористцәа Шьамтәыла ажәытә қалақь Ракка рнапахьы иааргеит 2013 шықәса рзы. 250 –ҩык рҟынӡа ауааԥсыра рынхарҭақәа ирхыҵит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24— Sputnik. Аруаа рхылаԥшрала урыстәылатәи ажурналистцәа раԥхьаӡа акәны иаҭааит атеррористцәа раҳҭнықалақь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Город Ракка в Сирии - Sputnik Аҧсны
Шьамтәыла ААР: акоалициа Ракка имҩаԥырго геноцидуп

Ақалақь ашҭа хадаҿы иаанханы иҟоуп аҩыра I love Rakka,аха ақалақь ахаҭа рхәашоуп шьаҭанкыла. ИГИЛ атеррористцәа Шьамтәыла ажәытә қалақь Ракка рнапахьы иааргеит 2013 шықәса рзы. 250 –ҩык рҟынӡа ауааԥсыра рынхарҭақәа ирхыҵит. 2014 шықәса рзы Ракка "Исламское государство" иаҳҭнықалақьны иҟарҵеит. 2017 шықәса рзы жәларбжьаратәи акоалициа Ракка ахақәиҭтәразы излагаз аоперациа ашьҭахь ақалақь 80% еиларбган.

Иахьазы ара инхо ауааԥсыра ауадаҩра дуқәа рымоуп.

"Ҳааԥсеит, асеиԥш анхара уадаҩуп. Зегьы аҭынчра ҳҭахуп", - лҳәоит анхаҩԥҳәыс Аиша.

Ракк ирацәоуп макьанагьы иминарку аҭыԥқәа. Аҵыхәәтантәи ашықәс иалагӡаны аофициалтә дыррақәа рыла амина рыҵаԥжәахьеит 119-ҩык аҭынч уааԥсыра.

Урыстәылатәи аруаа изныкымкәа ара агуманитартә акциақәа мҩаԥыргахьеит. Уажәы иалацәажәоит ақалақь аинфраструктура аиҭашьақәыргылара азҵаара.

"Исламское государство"* атеррористцәа рнапахьы иааргеит ақалақь Ар-Ракка 2014 шықәса рзы, Шьамтәыла иаҳҭнықалақьынгьы аӡбахә рҳәеит. Ракка ахақәиҭтәра хацыркын 2017 шықәса рзы "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәеи" акоалициеи реицжәыларала. Убри аан акоалициа алахәраз Дамаск азин иазҵаамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0