Алма-Ата аҳаирплан акаҳара хронологиала ишьақәыргылоуп

© Foto / Комитет по ЧС МВД КазахстанаАлма-Ата аҳаирплан акаҳара хронологиала ишьақәыргылоуп
Алма-Ата аҳаирплан акаҳара хронологиала ишьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, ԥхынҷкәын 27 рзы Алма-Ата - Нур-Султан ареис ала ицоз аҳаирплан ашьҭыԥраараан икаҳаит, ахыбра ду иаахеит. Иҭахеит 12-ҩык, ааха ӷәӷәақәа роуит 49-ҩык.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Алма-Ата, зҟынтәи аилахәыра Bek Air иатәыз аҳаирплан Fokker-100 шьҭыԥрааз, Facebook аҟны арыцҳара ахронологиа акьыԥхьит.

Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 5:35 рзы апассаџьырцәа рҭаҩра иалагеит, асааҭ  6:35 рзы ихдыркәшеит. Ауаа рақәтәара асааҭ  07:03 ихыркәшан. Аҳаирплан шьҭыԥрааит асааҭ  07:21 рзы. Асааҭ 07:24 аҳаиртә баӷәаза авариа-еиқәырхаратә команда еизган аԥшьыркца 6 "К" аҟны. Аԥырра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥшьыркца  20 "А" аҟны арыцҳара ҟалеит ҳәа рылаҳәан асааҭ 07.35 рзы.

Амцарцәаҩцәа раԥхьатәи ргәыԥ аҭыԥ ахь инеит асааҭ 07:36 рзы. Апассаџьырцәа ревакуациа иалаган.

Аҭыԥ аҿы аус руан 22 ак атехника ҷыда, иара убасгьы 83-ҩык аиқәырхаҩцәа.

Асааҭ 08:10 рзы зхы иахәоз апассаџьырцәа атерминал ахь инаган.

Аҳаирпланқәа  Fokker-100 рыԥырреи аилахәыра аусуреи аамҭала иаанкылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0