Еимырдаз атҟәацәа Украина АШәМ аҟны аргәаҟрақәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Андрей Стенин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕимырдаз атҟәацәа Украина АШәМ аҟны аргәаҟрақәа ирылацәажәеит
Еимырдаз атҟәацәа Украина АШәМ аҟны аргәаҟрақәа ирылацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донбасс еимырдаз атҟәацәа ирылан ԥшьҩык донаа, Мариупольтәи СИЗО аҟны иҭакнаҵы  Украина АШәМеи  абаталион "Азови" имҩаԥыргоз аргәаҟрақәа рзы украинатәи амчрақәа ашьаус хацдыркыртә еиԥш иҟазҵаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 — Sputnik. Донбасс еимырдаз атҟәацәа ирылан ԥшьҩык донаа, Мариупольтәи СИЗО аҟны иҭакнаҵы  Украина АШәМеи  абаталион "Азови" имҩаԥыргоз аргәаҟрақәа рзы украинатәи амчрақәа ашьаус хацдыркыртә еиԥш иҟазҵаз. Абри атәы дара рхаҭақәеи рдукати иазеиҭарҳәеит  РИА Новости.

Киеви Донбасси атҟәацәа еимырдеит - Sputnik Аҧсны
Киеви Донбасси атҟәацәа еимырдеит

Виачеслав Бириуков, Александр Стельникович, Виктор Скрипник, Евгени Дружинин рзы Киев агәаанагара аман 2014 шықәса лаҵара 9 рзы Мариуполь аҭыԥ змаз аидысларақәа ирылахәын ҳәа.

Киев аверсиала арҭ аԥышьҩык Олег Недавныи, "Мангуст" ҳәа хьыӡшьарас измаз игәыԥ иалахәын. Дара аанкылан 2014 шықәса рзы. Ииасыз ахәышықәса рыҩныҵҟа киевтәи амчрақәа урҭ ари агәыԥ ралахәра атәы рзышьақәмыргылеит.

Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны Украина АШәМеи  абаталион "Азови" дара рҿахәы рҿыхразы акыр аргәаҟрақәа ирҭадыргылеит, ахара рхахьы иргарц рҽазыршәеит.

"Ҳрыпҟон рыцҳашьарада. Ҳәызбала ҳшьапқәа дырӷӷон. Автоматшьхәала иҳасуан. Зны ҳагьыкнарҳаит. Уи азы аҭуан аҿы аҵәымӷ алоуп. Ҳаԥсы шааизыкәкәаз ҳакнырхит", - ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит  Бириуков.

Донецктәи атәылаҿацә алахысра - Sputnik Аҧсны
Аимак иалагеижьҭеи Донбасс иҭахаз рхыԥхьаӡара рыларҳәеит ЕАР аҿы

Хәышықәса рус аӡбара иазыԥшыз атҟәаәца ирылдыршеит  ишдыргәаҟуаз Киев архаҵара.

Аргәаҟрақәа мҩаԥыргон Мариуполь Украина АШәМ ахыбра аҵаҟа. Бириуков уа жәамш ихигеит.

"Есыуаха  абаталион "Азов" ахаҭарнакцәа аауан ҳаргәаҟразы", - ҳәа иҳәоит иара.

Александр Стельникович иакәзар еиҳагьы арыцҳара дҭашәаны дыҟан. Мариуполь аҳаиртә баӷәазаҿ еиҿкааз, илегалым абахҭа дҭакын. Ари абахҭа "абиблиотека" ҳәа иашьҭан.

Владимир Зеленский во время визита на Донбас - Sputnik Аҧсны
ЛЖәР: Зеленски иалхра Донбасс аҭагылазаашьа аиӷьтәра алнамыршеит

"Мчыбжьык, ҩымчыбжьа ҳәа ауаа ааргон. Идыргәаҟуан, ирпҟон, ирҭаху ддырҳәон", 0 ҳәа игәалаиршәоит Стельникович.

Арҭ ауаа ирылшеит рыргәаҟцәа рганахь ала аусҭҵаара хацдыркыртә еиԥш аҟаҵара. Донецктәи аобласттә прокуратура аусҭҵааратә усбарҭа ашьаусҭҵааратә усқәа №42015050000000694 (11.12.2015),  42018051120000163 (арыцхә арбам) хнартит. Абри азы адокументқәа шьҭоуп РИА Новости аҿы.

Мышқәак раԥхьа украинатәи амчрақәеи Донецкии луганскии рнапхгарақәеи  атҟәацәа еимырдеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0