Киселиов Sputnik Естониа дадгыло, афлешмоб ихы алаирхәит

© Foto / Россия 1Дмитрий Киселев
Дмитрий Киселев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышински ԥхынҷкәын 25 рзы ихациркит афлешмоб #СпутникСила, апортал Sputnik Естониа дадгыло.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik.  МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов ателеканал "Россия 1" аҟны ицо ипрограммахь дцәырҵит акьаҿ ҩежь ишәҵаны, Sputnik Естониа ажурналистцәа адгылара рыҭо.

Аԥшьаша Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова акьаҿ ҩежь лышәҵаны абрифинг мҩаԥылгеит, афлешмоб лҽалархәны.

"Мариа Захарова Sputnik акьаҿ ҩежь лышәҵаны дықәгылеит. Уажәы – сара", - иҳәеит Киселиов апрограмма "Вести недели" аефир аҟны.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова абрифинг мҩаԥылгеит акьаҿ ҩежь лышәҵаны. Уи ала лара иаалырԥшит Sputnik Естониа адгыларазы ихацырку афлешмоб дшалахәу.

Брифинг официального представителя МИД России Марии Захаровой - Sputnik Аҧсны
Захарова: Sputnik Естониа ажурналистцәа рыкҿацалара ламысдароуп

Мариа Захарова, Sputnik Естониа ажурналистцәа рганахьала естониатәи аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа шьҭашәарыцараны илшьоит.

"Ҳжурналистцәа кыдырцалеит. Уи ламысдароуп. Sputnik Естониа амацара акәӡам анырра зырҭо, аусуҩцәа зегьы анырра рырҭоит", - лҳәеит Захарова абрифинг аҿы.

"Шәазхәыци аныҳәамшха амаҵзура аусзуҩцәа ирҭагылазаашьоу. Арахь сара агәрагара сымоуп дара иарбанызаалак закәанк шеиларымгоз", - лҳәоит лара.

Уаанӡа, МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышински афлешмоб хациркит, Sputnik Estonia адгылара аҭо. Афлешмоб #СпутникСила символс иамоуп агьыра ҩежь Got You Covered! ("Положись на нас!") анҵаны, иара убас акьаҿ ҩежь.

Урыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп

Уи аԥхьагьы Симониан еиҭалҳәахьан Sputnik Естониа аҟны аус зуеи аусура зҭахуи шдыршәо атәы. Лара лажәақәа рыла, абри атәылаҿы Sputnik апроблемақәа маҷымкәа иазцәырҵуеит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура хацнаркит Естониа 2016 шықәса рзы. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда еиҭарҳәалоит жәларбжьаратәи ажәабжьқәа, аҭагылазаашьақәа.

Ажәабжьтә портал ҿыц Sputnik Естониа амультимедиатә контент аԥхьаҩцәа ирыднагалоит: аинфографика, авидео, афоторепортажқәа, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Урҭ рыдагьы араҟа ицәыргахоит аналитикатә материалқәа, аинтервиуқәа, аексперт хәшьарақәа.

Естониа заҵәык аҿоуп – Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив 35–ҩык рыла ишьақәгылоуп, 3-ҩык урҭ рҟынтәи Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа 30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0