Тегерен украинатәи аҳаирплан акаҳара иахырҟьаны иаанкылоу ыҟоуп

© AFP 2023На месте крушения самолета в Иране
На месте крушения самолета в Иране - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киевҟа ацаразы Тегеран ишьҭыԥрааз "Международные авиалиний Украины" иатәыз аҳаирплан ажьырныҳәа ааба рзы икажьын.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 -Sputnik. Тегерен украинатәи аҳаирплан акаҳара иахырҟьаны иҭаку ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости атәыла аӡбаратә мчра ахаҭарнак Голиамхосеин Есмаили иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Иран аӡбаратә мчра аофициалтә хаҭарнак Голиамхосеин Есмаили иҳәеит алаинер акәлап еиқәаҵәа (черный ящик-аред.) Франциаҟа ишьҭуп ҳәа.

Ажьырныҳәа 8 рзы икажьыз аҳаирплан иҭан 167-ҩык апассаџьырцәа: Иран, Украина, Канада, Германиа, Швециа, Афганистан ртәылауаа.

Ажьырныҳәа 11 рзы ирантәи аруаа ахҭыс рхахьы иргеит, аҳаирплан машәырны икаҳажьит ҳәа рҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Тегеран икаҳаз аҳаирплан азы раԥхьатәи аҭҵаарақәа мҩаԥгоуп

Ажәабжьқәа зегьы
0