Саркози: Европа Урыстәыла ада ишхәарҭам еиԥш Урыстәылагьы Европа ада ихәарҭам

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНиколиа Саркози
Николиа Саркози - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Николиа Саркози Москва Гаидар ифорум асессиаҿы дықәгыло Урыстәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Франциа уаанӡатәи ахада Николиа Саркози Европа Урыстәыла ада ишхәарҭам еиԥш Урыстәылагьы Европа ада ихәарҭам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла Европа инаркны Азианӡа аҽеиҵнахуеит, аха Европа Урыстәыла ада ԥсыхәа амам? иара Урыстәылагьы Европа ада ԥсыхәа шамам еиԥш. Ҳара ҳлахьынҵақәа акыр еидҳәалоуп. Уи ззеилымкаауа – иҭоурыхума игеографиоума - акы издырам", - иҳәеит Саркози.

Уи адагьы Франциа уаанӡатәи ахада ажәалагала ҟаиҵеит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Евроеидгыла алархәны аиҿцәажәаратә формат ҿыц аԥҵазарц.

Sputnik.Агәаанагарақәа: европаа реиҳараҩык Урыстәыла анаалара рҭахуп - Sputnik Аҧсны
"Sputnik.Агәаанагарақәа": европаа иразҵааит Урыстәыла ианаалар рҭаху ирҭахыму

Франциа иахьатәи ахада Еммануель Макронгьы изныкымкәа иазгәеиҭахьеит Урыстәылада Европа аҿиара шзалымшо. Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла аконтинент аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи рышьақәыргыларазы Урыстәыла даҽакала иазнеилароуп.

Николиа Саркози (Николиа Поль Стефан Саркоши де Надь-Боча) лаҵара 6, 2007 шықәса рзы Франциа ахадас далырхит, 53,06% алхыҩцәа рыбжьы иманы. Лаҵара 6, 2012 шықәса рзы Николиа Саркози атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан даҵахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0