Черышева Sputnik аҭагылазаашьазы: Естониа ртәылауаа ирықәыӷәӷәоит

© Sputnik / Доминик Бутен / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧерышева Sputnik аҭагылазаашьазы: Естониа ртәылауаа ирықәыӷәӷәоит
Черышева Sputnik аҭагылазаашьазы: Естониа ртәылауаа ирықәыӷәӷәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышинскии Sputnik Естониа анапхгаҩы Елена Черышевеи Париж рҽаладырхәит ажәа ахақәиҭразы адебатқәа.

Аиԥылара иалахәын ажурналист Sud Radio Андре Беркофф, арепортиор, ажурнал Paris Match аредактор ихаҭыԥуаҩ Режис ле Соммье. Вышинскии Черышевеи еиҭарҳәеит Естониа АИХ ирзыҟарҵо ақәыӷәӷәара атәы.

Адунеи иадыруазароуп Естониа иҟоу аилагарақәа

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура хацнаркит Естониа 2016 шықәса рзы. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда еиҭарҳәалон жәларбжьаратәи ажәабжьқәа, аҭагылазаашьақәа.

Блокнот с символикой информационного агентства Sputnik. - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи ажурналистцәа ПАСЕ Sputnik Естониа иарҭо ақәыӷәӷәара атәы еиҭарҳәеит

Ажәабжьтә портал ҿыц Sputnik Естониа амультимедиатә контент аԥхьаҩцәа ирыднагалон: аинфографика, авидео, афоторепортажқәа, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Урҭ рыдагьы араҟа ицәыргахоит аналитикатә материалқәа, аинтервиуқәа, аексперт хәшьарақәа. 2020 шықәса ажьырныҳәа 1 азы амаҵзура аусзуҩцәеи МИА "Россия сегодня"-и реиқәышаҳаҭра рыбжьырхыр акәхеит естониатәи амчрақәа дара рганахьала ашьаусҭҵаара хацдыркырц ахьыргәиҭаз азы. Ашықәс ҿыц аламҭалаз Sputnik Естониа аусзуҩцәа ирзынашьҭын аполициа Адепартамент аҟынтәи ашәҟәы-гәҽанҵара МИА "Россия сегодня" аус ацрымуларц азы.

Соловиов Sputnik Estonia аҭагылазаашьазы: асеиԥш адемократиатә тәылаҿ иҟамлароуп>>

Уажәы Sputnik Естониа аредакциа иҷыдоу арежим ала аус ауеит.

"Ҳара иаҳҭахуп Европа ирдыруазарц европатәи атәылаҿы ажурналистцәа ишрышьҭашәарыцо, ишыкҿарцало, абахҭа иҭаркыргьы шрылшо рыпрофессионалтә уалԥшьа ишахәҭоу иахьынарыгӡо азы. Ҳара иаҳҭахуп адунеи зегьы аҿы ирдыруазарц Естониа имҩаԥысуа зегьы", - лҳәеит Елена Черышева.

Лара илҳәеит ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа амаҵзура аусура иарбанызаалак официалтә ҽԥныҳәак шамамыз, аха убри аан аофициалтә хаҿқәа агәҽанҵара рыман Sputnik Естониа шәҽадшәымцәылалан ҳәа.

Симониан Естониа ахада Sputnik азҵаара иӡбарц ааԥхьара илҭеит>>

Сара исылшо зегь ҟасҵалоит Кирилл Вышински, сколлегацәа, Урыстәыла сыцырхырааны европаа иахьазы Естониа иҟоу аҭагылазаашьа дырдырразы ҳәа лҳәеит лара.

Ажурналистцәа ажәа ахақәиҭра рымазароуп

"Ажурналистцәа ирҳәо шәгәаԥха-ишәгәамԥха - уи азы алшара рымазароуп, аӡәы игәаанагара иахьымԥшкәа. Убри ауп ажәа ахақәиҭра захьӡу", - иҳәеит афранцыз журналист нага Андре Беркофф.

Естониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп - Sputnik Аҧсны
Естониа атәылауаа ргәаанагара: Sputnik аусура аанкылара – цензуроуп

Уаанӡа Елена Черышевеи Кирилл Вышинскии Страсбург илԥылеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Дуниа Мииатович. Лара лнапаҿы илырҭеит Sputnik Естониа аҭагылазаашьа аазырԥшуа ашәҟәы. Дуниа Мииатович илҳәеит лофисгьы, хаҭала ларгьы рҭагылазаашьа ашьклаԥшра шарҭо.

Черышева инаҵшьны иазгәалҭеит Sputnik Естониа аусзуҩцәа реиҳараҩык Естониа ишатәылауаау.

"Аполициаа рхатәы уаажәлар кыдырцалоит, урыстәылатәи АИХқәа аус ахьрыцыруазы мацара идырбаандаҩыр рҭахуп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа ҭышәныртәаланы ауаа русутә ҭыԥқәа ирзыхынҳәырц, Естониатәи ажәҩан аҿы еиҭахгьы Sputnik ашьҭа аннаҵарц", - лҳәеит Sputnik Естониа ахада.

Ҳашыг Sputnik Естониа ажурналистцәа рышьҭазааразы: атәыла хара изымго мҩоуп>>

2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Владимир Путин, Sputnik Естониа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит Sputnik ахьыҟоу зегьы адгылара шарҭало.

Жәларбжьаратәи аиҿкаара "Иҳәаадоу арепортиорцәа" (RSF) МИА "Россия сегодня" иазеиҭарҳәеит аиҿкаара Естониа урыстәылатәи АИХқәа ишрызныҟәо ҭаҳҵаауеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0