Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Ерхов: уаҵәтәи амш оптимизмла сахәаԥшуеит

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчнагӡа змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ А.В.Ерхов Sputnik иазеиҭеиҳәеит Анкара шьамтәылатәи апроблема иазкны имҩаԥысуаз Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи русбарҭабжьаратә еиҿцәажәарақәа еимабзиаратә ҟазшьала имҩаԥысит ҳәа.

Уи адагьы урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ далацәажәеит урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аҭоурыхтә контекст аганахьала позициас иааникыло, убри аан иҳәеит атәылақәа ԥхьаҟа аусеицуразы алшара дуқәа шрымоу.

Sputnik

- Изеиԥшроузеи Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи Идлиб аӡбахә ала реилацәажәара, урыстәылатәи аделегациа ааигәатәи Ҭырқәтәылаҟа аныҟәара лкаақәас иамоузеи?

- Ааигәа Ҭырқәтәылаҟа иааны иҟан урыстәылатәи аусбарҭабжьаратә делегациа. Ари раԥхьатәи еиԥыларам. Абасеиԥштәи ҩ-ганктәи аформат ала изныкымкәа аиԥыларақәа мҩаԥысхьеит. Аделегациа иалахәын: Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Вершинин, шьамтәылатәи аимак аҭышәныртәалараз Урыстәыла ахада ихаҭарнак Александр Лаврентиев, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа.

Алексей Владимирович ЕРХОВ - Sputnik Аҧсны
Кавказтәи аибашьреи Шьамтәылеи: Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иинтервиу

Ҭырқәтәылатәи аганахьала аиԥылара иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа. Аделегациа напхгара аиҭон Седат Онал. Иара убасгьы урыстәылатәи аделегациа идикылеит Ердоган ипресс-маӡаныҟәгаҩ Ибрагим Калын. Сара агәахәара снаҭоит аиҿцәажәара ахьымҩаԥысыз, избанзар Идлиб аиԥш Шьамтәыла зегь аҟны аҭагылазаашьа мариам. Убри азоуп ҳтәылақәа рхаҭарнакцәа реицәажәара аҵакы аманы изыҟоу. Аиԥылара шымариамызгьы, аҳәатәы ыҟан, аҳәашьагьы иақәшәеит. Наҟ-ааҟгьы досу игәаанагара аартны ирҳәеит.

- Урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхтә контекст азыҟазаашьа шыҿио иахышәҳәаауазеи?

- Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩыс ҳџьынџьуаа рзы аҟазаара ахаангьы иуадаҩын. Аҵарауаа рҟынтәи аӡәы иԥхьаӡеит х-шәышықәсак рыҩнуҵҟа Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи 12 еибашьра мҩаԥыргеит ҳәа, уи амаҷ-саҷ еимакқәа аламҵакәа. Ирацәан иҟамлар акәын ҳәа ззуҳәаша, ирацәан гәахәала иугәалауршәашагьы. Ирацәоуп аинтерес зҵаны иҟаз ахҭысқәа, аха иахьа шамахамзар ирзымдыруа. Убас, 1833 шықәса рзы Османтәи аимпериа еиқәзырхаз аурыс солдаҭцәа роуп. Урҭ рыҟазаароуп египеттәи ар ркомандаҟаҵаҩ Меҳмеҭ Али Ԥашьа иаанкылара алзыршаз, Ҭырқәтәыла аҩадаҟа далазымҵаз.

Хашҭра змам акәны иҟоуп Ар шкәакәа Ҟрымынтәи ианықәҵ, Ҭырқәтәыла иахьаднакылаз. Аӡәгьы инагӡаны издырам, аха иҟоу адыррақәа рыла 150 000-ҩык рҟынӡа Ар ҟаԥшь ирымпыҵыҵны Ҭырқәтәыла рыԥсы еиқәдырхеит.  

Президент Турции  - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла ахада иааҭҟьаратә ҟазшьа - Урыстәылазы ихәарҭоуп

Имаҷым иухамшҭыша. Ҭырқәтәылатәи ҳҩызцәагьы уи ргәалашәоит. Убас, сынтәа иазгәаҳҭараны иҟоуп асовет Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 100 шықәса ахыҵра. Аԥхьатәи Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа Анкара иаартын 1920 шықәса рзы.

Ҳара иҳагәҭакуп ацәыргақәҵақәа, аҭҵаарадырра-практикатә конференцақәа, астол гьежьқәа уҳәа рымҩаԥгара. Убри аан ахархәара аҭахоит иҳамоу аԥышәа.  

Сгәы иаанагоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа 100 шықәса рхыҵреиԥш, аемиграциа шкәакәа арахь рықәлара 100 шықәса ахыҵрагьы, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп ҳәа.

- Урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш шԥажәбо?

- Ҳаизыҟазаашьақәа уаанӡа зеиԥш ыҟамыз аҩаӡара рыманы избоит. Ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа лассы-лассы еиԥылоит, ҭелла еицәажәоит, аҳәынҭқаррабжьаратә усбарҭақәа аус еицыруеит, аҿиара амоуп аилахәаахәҭра,  аус руеит астратегиатә проектқәа: АЕС "Аккую", агазмҩангага "Турецкий поток". 7 миллионҩык рҟынӡа ҳтуристцәа ара рыԥсы ршьоит. Ажәакала, сара уаҵәтәи амш оптимизмла сахәаԥшуеит, ара ишырҳәо еиԥш – İnşallah.

Ажәабжьқәа зегьы
0