ЕАА Шьамтәылаҟа 50 арратә машьына нарышьҭит

© AFP 2023 / Daniel MihailescuВоенная техника США
Военная техника США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 12 рзы ЕАА апровинциа Хасеке арратә обиектқәа аҳауатә жәылара рзыҟарҵеит.

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. ЕАА Иракнтәи Шьамтәылаҟа иианагеит 55 арратә еидарамҩангага. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости арадиостанциа Sham FM адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

АИХ рдыррақәа рыла аидарамҩангагақәа имҩаныргоит: атанкқәа, арратә техника, анџьныртә хархәагақәа.

Жәабран 12 рзы ЕАА апровинциа Хасеке арратә обиектқәа аҳауатә жәылара рзыҟарҵеит.

ЕААи урҭ рыдгылаҩцәеи 2014 шықәса раахыс Шьамтәылеи Ираки арратә операциа мҩаԥыргоит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" иаҿагыланы. Шьамтәыла дара ыҟоуп атәыла аиҳабыра рақәшаҳаҭрада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0