Wildberries зхатәу Татиана Бакальчук Урыстәыла реиҳа амал змоу ԥҳәысуп

© Foto / пресс-служба Wildberries / Амедиаҵәахырҭахь аиасраWildberries зхатәу Татиана Бакальчук Урыстәыла реиҳа амал змоу ԥҳәысуп
Wildberries зхатәу Татиана Бакальчук Урыстәыла реиҳа амал змоу ԥҳәысуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал Forbes ахәшьарақәа рыла Татиана Бакальчук шықәсык аҩныҵҟа лмазара 400 миллион доллар ацылҵеит.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Ажурнал Forbes аверсиала онлаин-ритеилер Wildberries ашьаҭаркҩы Татиана Бакальчук Урыстәыла реиҳа амал змоу ԥҳәысуп. Лара илылшеит аилахәыра Inteco Management ахатәтәҩы, Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иԥҳәыс Елена Батурина лаԥгара.

Бакальчук лмазара 1,4 миллиард доллар ыҟоуп. Ажурнал Forbes ахәшьарақәа рыла Татиана Бакальчук шықәсык аҩныҵҟа лмазара 400 миллион доллар ацылҵеит. Батурина лмазара – 1,2 миллиард доллар.

"Бакальчук лмазара – лактив хада - интернет-дәқьан Wildberries аиҭакра иадҳәалоуп. 2019 шықәса рзы Wildberries аҿы аҭирақәа 88% ирызҳаит, иагьышьақәдыртәеит 223,5 миллиард мааҭ ", - ҳәа аҳәоит Forbes.

Бакальчук 2018 шықәсазы реиҳа амал змоу аҳәса рсиа даншәалеит. Усҟан Forbes адыррақәа рыла лмазара 600 миллион доллар иҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0