Египет уаанӡатәи ахада иԥсҭазаара далҵит

© AFP 2023 / VLADIMIR RODIONOV Хосни Мубарак
 Хосни Мубарак - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хосни Мубарак Египет ахадараҿы дыҟан 30 шықәса, 1981 инаркны 2011 рҟынӡа. Амассатә демонстрациақәа рышьҭахь ԥхьатәара дцеит.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Египет уаанӡатәи ахада Хосни Мубарак иԥсҭазаара далҵит 91 шықәса дшырҭагылаз ҳәа аанацҳауеит Египет арадиотелехәаԥшра.

"Египет уаанӡатәи ахада Хосни Мубарак иԥсҭазаара далҵит", - аанацҳауеит аҳәынҭканал.

Агазеҭ el-Watan адыррақәа рыла Мубарак иԥсҭазаара далҵит акраамҭатәи ичымазара хьанҭа ашьҭахь.

Хосни Мубарак Египет ахадараҿы дыҟан 30 шықәса, 1981 инаркны 2011 рҟынӡа. Иҭыԥ аанижьырц азы атәылаҿ имҩаԥысуаз амассатә демонстрациақәа рышьҭахь ԥхьатәара дцеит.

Абри ашьҭахь иара акоррупциеи адемонстрантцәа рҭахареи ихараҵаны ддырбаандаҩит. Мубарак фышықәса бахҭала ихигеит. 2017 шықәса рзы ихы дақәиҭтәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0