Аҵарауаа ишьақәдыргылеит зыда агәҭаӡыӡааратә ҟазшьа цәырҵуа афатә-ажәтә

CC0 / / Овощи
Овощи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарақәа раан аус рыдулан 45-65 шықәса зхыҵуа 27000-ҩык ауааԥсыра рзы аинформациа. Дара 2010-2015шықәса раан абыргра аҭҵааразы канадатәи апроект иалахәын.

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Агәҭаӡыӡааратә ҟазшьа аиуреи ауҭраҭых иахьынӡахәҭоу афареи шеимадоу азгәарҭеит аҵарауаа. Аҭҵаарақәа реихшьаалақәа кьыԥхьын International Journal of Environmental Research and Public Health аҿы

Аҵарауаа ишьақәдыргылеит ауҭраҭых зыфара-зыжәра иалам ауаа рыбжьара 24% агәҭаӡыӡааратә ҟазшьа еиҳауп ҳәа. Убри аан ари афактор иҵегьы ишьҭыҵуеит ауаҩы ицәеижь аҿы ашша рацәазар. Ари арбага 36% еиҳазар ашәарҭара 70% рҟынӡа ихалоит.

Ишәарҭаратә факторны иршьоит иара убасгьы аӡәзаара. Зхала инхо ауаа рҟны ашәарҭаратә рбага 13,9% иҟоуп.

Аҭҵаарақәа раан аус рыдулан 45-65 шықәса зхыҵуа 27000-ҩык ауааԥсыра рзы аинформациа. Дара 2010-2015 шықәса раан абыргра аҭҵааразы канадатәи апроект иалахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0