Аҵарауаа ишьақәдыргылеит акоронавирус аинкубациатә аамҭа

© AFP 2023 / STRАҵарауаа ишьақәдыргылеит акоронавирус аинкубациатә аамҭа
Аҵарауаа ишьақәдыргылеит акоронавирус аинкубациатә аамҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авирус COVID-19 аинкубациатә аамҭа ашьақәыргылара иалнаршоит акарантинтә уснагӡатәқәа еиҳа еиҿкааны рымҩаԥгара.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Акоронавирус абжьаратә инкубациатә аамҭа иартәоит 5,1 мшы ҳәа аанацҳауеит Роспотребнадзор, ЕАА ақалақь Балтимор иҟоу Џьон Хопкинс ихьӡ зху Ауаажәларратә гәабзиарахьчара ашкол аҵарауаа имҩаԥыргаз аҭҵаарақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иҟоу адыррақәа ишьақәдырӷәӷәоит 14 мштәи акарантин ҳәа иаларгалаз ииашаны ишышьақәдыргылаз рҳәеит Роспотребнадзор аҿы. Аҵарауаа ирыԥхьаӡеит 14 мшы акарантин змаз 10 000-ҩык ауааԥсыра рҟынтәи 101-ҩык шракәу акарантин ашьҭахь авирус асимптомқәа зызцәырҵуа.

Иахьазы Урыстәыла 306-ҩык акоронавирус рымоуп. Ачымазцәа реиҳарак Москва инхо роуп.

Адунеи зегьы аҿы ачымазара рыдбалоуп 300 000-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 13 000-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0