Урыстәыла аиҳабыра агәмырҿыӷьратә ҭыԥқәа аркызарц абжьгара ҟарҵоит

© Sputnik / Vladimir Astapkovich / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла аиҳабыра агәмырҿыӷьратә ҭыԥқәа аркызарц абжьгара ҟарҵоит
Урыстәыла аиҳабыра агәмырҿыӷьратә ҭыԥқәа аркызарц абжьгара ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иазгәаҭоуп 495-ҩык ачымазцәа, акоронавирустә инфекциа COVID–19 змоу.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра арегионқәа адҵа рырҭеит агәмырҿыӷьратә центрқәа, уахынлатәи аклубқәа, ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, акинотеатрқәа аркызарц.

Абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит акоронавирустә инфекциа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра алагалара аԥырҟәҟәаареи аларҵәара алмыршареи рзы аоперативтә штаб аилатәара ашьҭахь.

Аилатәара мҩаԥылгеит Татиана Голикова.

"Агәмырҿыӷьратә центрқәа, уахынлатәи аклубқәа, ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, акинотеатрқәа русура аанкылазааит; уахынлатәи аклубқәа, ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа рҟны акалиан ахара азин ҟаҵамзааит", - аҳәоит адокумент аҿы.

Анапынҵа анагӡашьа ахылаԥшра анаҭоит Роспотребнадзор.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0