Ашәаҳәаҩ Лев Лешьченко акоронавирус идырбалеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт "Песня Года"
Концерт Песня Года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаҩ хәажәкыра аҽеиҩшамҭаз Американтә дхынҳәит агастрольқәа мҩаԥганы. Хара имгакәа агәаҵәкра имоуп ҳәа ахәышәтәырҭахь днаган.

АҞӘА, хәажәкыра 27– Sputnik. РСФСР жәлар рартист Лев Лешьченко акоронавирус имоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ишьақәыргылан агәаҵәкра зыхҟьаз акоронавирустә инфекциа шакәыз ҳәа иҳәеит Москватәи аиланхарҭа Коммунарка ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Денис Проценко.

Уи аԥхьа, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко аҳәамҭа ҟаиҵеит Лешьченко иҭагылазаашьа еиӷьхеит ҳәа. Иара иҳәеит ахәышәтәра ацашьала шәарҭара ҟаларым ҳәа.

Ашәаҳәаҩ хәажәкыра аҽеиҩшамҭаз Американтә дхынҳәит агастрольқәа мҩаԥганы. Хара имгакәа агәаҵәкра имоуп ҳәа Коммунарка ахәышәтәырҭахь днаган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0