Урыстәыла "ан лмал" ашәарацҵа амҩаԥгара хацнаркуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦветущие деревья, весна на дворе
Цветущие деревья, весна на дворе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымз рыҩнуҵҟа Афедералтә биуџьет аҟынтәи ашәарацҵақәа рзыҟаҵахоит "ан лмал" зауа аҭаацәарақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин мшаԥы 1 инаркны Афедералтә биуџьет аҟынтәи хә-нызқь мааҭ ицо ашәарацҵақәа рзыҟаҵахоит "ан лмал" зауа аҭаацәарақәа.

Ребенок - Sputnik Аҧсны
"Ан лмал" аԥаразоужьра еиҳатәхоит Урыстәыла

"Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра: 2020 шықәса мшаԥы 1 инаркны хымз рыҩнуҵҟа Афедералтә биуџьет аҟынтәи "ан лмал" зауа, хышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа (хәыҷыцыԥхьаӡа) змоу аҭаацәарақәа хә-нызқь мааҭ ицо ашәарацҵақәа рзыҟаҵараз азакәанԥҵаратәии егьырҭ анормативтә актқәеи рахь аԥсахрақәа аланагалароуп", - ҳәа аҳәоит адокумент аҟны.

Адокумент аҿы иарбоуп 2020 шықәса рашәара 1 инаркны хышықәса инаркны быжьшықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа есымзатәи ашәарацҵақәа роулараны ишыҟоу.

Владимир Путин ишьақәирӷәӷәеит атәыла аҵакыраҿы акоронавирустә инфекциа иадҳәалоу аҭагылазаашьазы 2020 шықәса хәажәкыра 25 рзы атәыла ауааԥсыра рахь иҟаиҵаз ааԥхьара инамаданы анапынҵақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0