Акоронавирус 48 сааҭ рыла ихызҽуа ахәшә аԥҵоуп

© Sputnik / Павел Кононов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области
Лаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи зегь аҟны акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара миллионки бжаки ириеҳахеит. Зынӡа иазгәаҭоуп 1 500 830 хҭыс, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 87 705-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 290 681-ҩык.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Австралиатәи ауниверситет Монаши, Мельбурн иҟоу Акралтә госпитали иаадырԥшит апрепарат ивермектин ахац-культурақәа рҟны SARS-CoV-2 48 сааҭ рыла ишашьаҽуа.

Аҵарауаа рыҭҵаарақәа ркьыԥхьит аҭыжьымҭа Antiviral Research аҟны.

Аҭҵаарақәа мҩаԥыргон алабораториақәа рҿы. Аинфекциа змаз ахацқәа ҩ-сааҭк рышьҭахь ахәшә рыларҵон. Апрепарат 24 сааҭ рышьҭахь ахац аҿы авирус 93% иланарҟәуан, ҩымш рышьҭахь– 99%.

Аексперимент амҩаԥгараан ивермектин ԥырхага ҟанаҵоны ирымбеит.

Аҵарауаа ргәаанагарала, апрепарат акоронавирус аан ачымазара аҿиара ааннакылар ҟалоит, аинфекциа аҽаӡә иахь аиасра ԥнарҟәҟәаар алшоит.

Аԥсны аҩныҵҟа иахьатәи аамҭазы ҩыџьа ауаа акоронавирус рымоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0