Урыстәыла асабрадақәеи аҽыхьчаратә хархәагақәеи рекспорт ахьыҟало азгәарҭеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФедеральный клинический центр высоких медицинских технологий ФМБА в Химках
Федеральный клинический центр высоких медицинских технологий ФМБА в Химках - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрраҿ иазгәарҭеит Аԥсны ЕАЕС иахьалахәым азы амедицинатә хархәагақәа рекспорт аԥкыра ахыхра иаҵанакуам ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Урыстәыла асабардақәеи аҽыхьчаратә хархәагақәеи рекспорт ахьыҟало ЕАЕС иаҵанакуа атәылақәа рҿоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Маска  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла асабрадақәеи егьырҭ ахыхьчага маҭәашьарқәеи рекспорт азин ҟанаҵеит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Урыстәыла аиҳабыра ахыхьчагатә маҭәашьарқәа рекспорт аамҭалатәи ақәиҭымзаара аԥнахит.

Ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи асабардақәеи рекспорт ақәиҭымзаара алагалан хәажәкыразы. Аԥкырахь иаҵанакуамызт агуманитартә цхыраареи атәылауаа рхазтәы аахәамҭеи.

Абри ашьҭахь Урыстәылеи ЕАЕС ала рпартниорцәеи аус адулан ирыдыркылеит аекспорт аидгыла анҭыҵ иалызмыршо акт ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

"Абас ала аидгылаҿ иаку акт рыдкылоуп. Убри инадҳәаланы Урыстәыла аиҳабыра азеиԥшеидгылатә ԥкыра ааныжьны амилаҭтә аԥнахит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

ЕАЕС Урыстәыла аиԥш иалоуп Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0