Шәача амцакразы ашәарҭара ҳаракуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожар в лесу
Пожар в лесу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақь ахадара аҳәара ҟарҵоит абнақәа рҿы амца еиқәырымҵаларц. Ари еилазго ахараԥсақәа рыдлоит.

АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Лаҵара 5 - 7 рзы акурорт Шәача иахьаҵанакуа аҭагылазаашьа ҷыда аҭыԥ аиур алшоит амцакрақәа ирыхҟьаны ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҿы.

"Ақалақь амаҵзурақәа азыхиоуп. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵоит ргәы рҽанызарц. Амца аиқәҵара, абӷьыжә абылра уҳәа ҟалом", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Амцакра аҿагылараз арежим аԥҵан хәажәкыра 10 рзы. Иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахылаԥшрази агидрометеорологиатә центри рдыррақәа рыла, ашьхараҿы абылрақәа аҭыԥ роур алшоит.

Амцашәарҭадара аилагаразы ахараԥса иартәоит 5 000 мааҭ ахатәхаҿқәа рзы, 40 000 мааҭ - амаҵзуратә хаҿқәа рзы, 300 000 мааҭ - аиуристтә хаҿқәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0