Ҟәбина акарантин иацырҵеит лаҵара 23 рҟынӡа

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на город Краснодар.
Вид на город Краснодар. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны акоронавирус рыдырбало иалагеит 98-99-ҩык ауааԥсыра ес-уахыки-ҽнаки рзы. Зынӡа Ҟәбина ичмазаҩуп 1929-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә ахада Вениамин Кондратиев акоронавирустә инфекциа алаҵәара алмыршаразы аоперативтә штаб злахәыз аилатәара ашьҭахь иӡбеит Ҟәбина акарантинтә уснагӡатәқәа лаҵара 23-нӡа ирыцҵазарц, абри атәы аанацҳауеит атәылаҿацәа ахадара асаит.

"Ҳара мызки бжаки акарантин арежим ҳақәныҟәоит, ауаа рҽԥхьакны иҟоуп. Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит аҽыԥхьакра аԥҟарақәа еилазымго ҳтәылауаа. Ари аамҭа иалагӡаны иҟаҳҵаз башахар сҭахым, убри азы аҳақьымцәа ирҳәо ҟаҳҵалароуп", - ҳәа агубернатор иажәақәа ааргоит апресс-маҵзураҿы.

Лаҵара 10 рызтәи адыррақәа рыла, атәылаҿацә аҟны иаарԥшуп 1929 коронавирус хҭыс, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 22-ҩык.

Аԥсны лаҵара 8 рзы иаарԥшын 4 коронавирус хҭыс ҿыц, даҽа ҩыџьа ачымазацәа аарԥшын лаҵара 9 рзы. Убас ала иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыхьны ахәышәтәырҭа иҭоуп фҩык ачымазцәа. Ичмазаҩхаз зегьы Москвантәи зыԥсадгьыл ахь иааз ҳастудентцәа роуп.

Мшаԥымзазы аинфекциа хҩык Гагра атәылауаа ишрылаз аарԥшын, урҭ рахьтә ҩыџьа ргәы бзиахан ахәышәтәырҭа иҭыҵхьеит, аӡәы, 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг, лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0