Анефт ахәԥса ҳаракхеит, адоллар каҳаит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры США.
Денежные купюры США. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеитә џьармыкьаҿ анефт ахәԥса шьҭыҵит адунеи атәылақәа акоронавирус азы аԥкыратә уснагӡатәқәа дырԥсыҽуа ианалага ашьҭахь.

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Ашәахьаҽны адоллар еиҵахеит 68 капеи рыла - 72,9 мааҭ артәеит, евро - 72 капеи рыла еиҵахеит, 78,9 мааҭ артәеит ҳәа аанацҳауеит Москватәи абиржа.

Абас ала амааҭ аҽарӷәӷәеит Brent амарка иатәу анефт ахә ахалара инадҳәаланы. Иазыԥшуп рашәарамзазы Brent аҽа 4,28% рыла иазҳап ҳәа - 33,89 доллар баррельк азы.

Ашәахьа адунеитә џьармыкьаҿ анефт ахәԥса шьҭыҵит адунеи атәылақәа акоронавирус азы аԥкыратә уснагӡатәқәа дырԥсыҽуа ианалага ашьҭахь.

Хәажәкыра алагамҭазы аҭахрақәа ахькаҳаз иахҟьаны анефт акотировкақәа леит.

Уи ашьҭахь ОПЕК+ алахәылацәа зеиқәшаҳаҭымхеит анефт аҵхра аганахьала. Ари анефт ахә ҩынтә иагнархеит.

Мшаԥы 12 рзы атәыла-лахәылацәа анефт аҵхра 9,7 миллион баррель рыла иладырҟәуеит уахыки-ҽнаки рыла лаҵара-рашәара рзы, 7,7 миллион – пхынгәы нанҳәа рзы, 5,8 миллион - ашықәс анҵәамҭаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0