Ҟәбан акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара 3,5 нызқь рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантинный центр в Коммунарке
Карантинный центр в Коммунарке  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа COVID-19 80-ҩык ирыдбалоуп. Ичмазаҩу рыбжьара хәҩык хәыҷқәоуп.

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Ҟәбан акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара 3,5 нызқь ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара.

"Ичмазаҩу рзеиԥш хыԥхьаӡара 3506-ҩык инаӡоит. Убри аан реиҳараҩык –2257-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит. Атәылаҿацә аҿы апандеми аамҭа иаҵаркны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 29-ҩык", - ҳәа ҳаәоит адырраҭараҿы.

Лаҵара 27 аамҭала COVID-19 азы рхы гәарҭахьеит 8724-ҩык, 855-ҩык хәыҷқәоуп. Астационар аҿы рҽырхәышәтәуеит 2214 пациент, (250-ҩык хәыҷқәоуп). Иахьынхо аҭыԥ аҿы амедицинатә хылаԥшра рымоуп 13410-ҩык.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Ҟәбан згәы бзиахаз еиҳауп ичмазаҩхаз раасҭа

Роспотребнадзор 44048 ҭҵаара мҩаԥнагахьеит акоронавирус азы, Агәабзиарахьчара арегионалтә лабораториақәа – 121190, урҭ рахьтә 2626 аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла имҩаԥгоуп.

Краснодар, Шәача, Тҟәаԥс, Армавир, Анапа, Еиск, астаницақәа Голубицки, Кушьчевски, аиланхарҭақәа Псебаи, Кабардинка иртәу аобсерваторқәа рҟны иҟоуп 2812-ҩык. Абарҭ аамҭақәа рзы уахь инанагахьеит 6728-ҩык, авирус рыдбалан 42-ҩык.

Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, апандемиа аамҭала Аԥсны акоронавирус рыман 28-ҩык. Урҭ рҟынтәи жәохәҩык ргәабзиара ҭышәынтәалеит, аӡәы дыԥсит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0