Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа РИА Новости ажурналист изыруз азы Аҳәынҭдеп иақәыӡбеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа РИА Новости ажурналист изыруз азы Аҳәынҭдеп иақәыӡбеит
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа РИА Новости ажурналист изыруз азы Аҳәынҭдеп иақәыӡбеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иагәҭакуп урыстәылатәи ажурналист изыруз азы ЕАА рыҟны АИХ русзуҩцәа рзинқәа рыхьчара иахылаԥшуа азинхьчаратә еиҿкаарақәа азхьаԥшырц адҵа рыҭара.

АҞӘА, рашәара 31 - Sputnik. Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Еиду Америкатәи аштатқәа рҳәынҭдепартамент ахь анота нанашьҭит РИА Новости акорреспондент ихьыз ахҭыс аганахьала. Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә даҟьақәа ишырҳәо ала, ажурналист алаӷырӡаагага газ ила ихиҭәалеит аполициаусзуҩ.

Урыстәылатәи ажурналист Михаил Тургиев ари аҩыза ахҭыс дақәшәеит Миннеаполис. Иара уаҟа имҩаԥысуа ахҭысқәа ҭихуан. Агаз ила ихырҭәалт ижурналисттә ршаҳаҭга аныдирба ашьҭахь.

"Аполициауаа Михаил Тургиеви иааигәара иҟаз америкатәи ажурналистцәеи ишраҭәам ирызныҟәеит. Апресса аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы иҭыхыз авидеокадрқәа ишаадырԥшуа ала, рымаҭәаҿ иахәҭаз адыргақәа рыман, аршаҳаҭга шәҟәқәа цәырыргеит, иарбанзалак ҿагыларакгьы ҟарымҵеит", - ҳәа аҳәоит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов инотаҿ.

Урыстәыла аиҳабыра РИА Новости ажурналист ихҭыс иахырҟьаны, Аҳәынҭдепартамент ахь ақәыӡбаратә нота нанашьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0