ЕАА Мрагылара Ааигәа аҿы аурысқәа рҭагылазаашьа хьаас иамоуп

© AFP 2023 / Mahmud TurkiaПоследствия авиаударов по Таджуре неподалеку от Триполи, Ливия
Последствия авиаударов по Таджуре неподалеку от Триполи, Ливия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Мрагылара Ааигәа ааннажьыр еиӷьуп, избанзар аханатәгьы ари арегион аҿы америкаа роуп иҵәатәы шьаҟаны иҟаз ҳәа иазырыԥхьаӡоит ЕАА рҳәынҭдепартамент аҿы.

МОСКВА, рашәара 9 — РИА Новости, Галиа Ибрагимова. Москва, Вашингтон агәаанагарала, Ирак, Ливиа, Шьамтәыла реиҭашьақәыргылара иаԥырхагоуп. Аҩны шкәакәа Мрагылара Ааигәа аҿы астратегиа амоу иамаму, Дональд Трамп иадминистрациа Урыстәыла аганахьала ҽыԥныҳәақәас иамоу еилнаргоит РИА Новости.

Традициала адгылыҩцәа

"Аурысқәа Мрагылара Ааигәантә рықәгара – абри америкатәи аполитика аҭахрақәа ируакуп. Ҳара аҵыхәтәантәи 45 шықәса абри апринцип ҳақәныҟәоит. Уажәы Урыстәыла арегион аҿы адеструктивтә роль нанагӡоит. Иаартны иаҳҳәоит уантәи иқәҵырц", - аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Девид Шенкер Вашингтон Мрагылара Ааигәатәи Аинститут аҿы имҩаԥысуаз авидеоконференциаҿ.

Ситуация в Ливии - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Ливиатәи аимак аҽаланархәыр аҭахуп

Арегион аҿы Америка аҭоурыхтә ҵакы далацәажәо, ачынуаҩ иазгәеиҭеит аратәи атәылақәа реиҳарак аурысқәа рахь акәымкәа америкаа рахь ауп рхы ахькыду ҳәа. Абра рыӡбахә иҳәеит Саудтәи Аравиа, Еиду Арабтәи Аемиратқәа, Ирак, Израиль, Палестина.

Шенкер иажәақәа рыла, Вашингтон зегь раасҭа гәыҵхас иамоуп араб-израильтәи аинышәара. Аҩны шкәакәа ақәгәыӷуеит хара имгакәа аганқәа "ашәышықәса аилаӡара" мҩаԥыргап ҳәа. Шенкер иажәақәа рыла, Израили Персиатәи аӡыбжьахала амонархцәақәаки америкатәи аԥшьгамҭақәа ирыдгылеит.

Шенкер иара убасгьы далацәажәеит Ирак, Иемен, Катар, Саудтәи Аравиа уҳәа акоронавирус аан ацхыраара шрыҭаз.

Аха Мрагылара Ааигәа аҿы америкаа ирԥырхагоуп Урыстәылеи Китаии. "Аҳәынҭқарра дуқәа реиндаҭлара арегион атәылақәа урҭ руак алырхыр акәны иҟанаҵоит. ЕАА урҭ аӡә далрымхар ҟалом ҳәа ирыднаҵом", - иҳәеит Шенкер.

"Обама игха ду"

Уи ацынхәрас аҳәынҭдепартамент арҭ атәылақәа иреилнаркаауеит Москвеи Пекини рыдгылара ахҟьа-ԥҟьақәа аиур шалшо.

Америкатәи астратегиа иалҵшәа хадоу ҳәа ачынуаҩ иԥхьаӡоит "Исламское государство"* Шьамтәылеи Ираки ахәаҽра. Аха макьаназ ИГИЛ*, "Аль-Каида"* ириааим, ЕАА НАТО аҟынтәи адгылаҩцәа ирывагыланы атерроризм иаҿагылоуп.

Празднование 47-летия дивизии надводных кораблей Черноморского флота - Sputnik Аҧсны
Амшынеиқәаҿ Урыстәыла имҩаԥнаго ганрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа НАТО иаҭакуп

Америкаа рыцхыраарала ашьапы иқәгылоит Ирак ҳәа иҳәеит Шенкер. Иара иажәақәа рыла, Вашингтон иаарласны Ирак аԥыза-министр ҿыц Мустафа аль-Каземи иҩызахеит.

Шьамтәылаҿ акәзар, иара ишиҳәо ала, америкаа аҭакԥхықәра рҽацәхьаркуам. Аха ара ирԥырхагоуп Башар Асади Урыстәылеи.

Москва Мрагылара Ааигәа аҽахьарӷәӷәаз ачынуаҩ Барак Обама ихареиҵоит. "Обама аурысқәа Шьамтәылаҟа рнеира дадгылон. Уа аӡымытҟарра иагап ҳәа дгәыӷуан, аха аурысқәа зегь еиҭаркит. Асад иахьагьы дыҟоуп. Ари гха дуун", - иҳәоит Шенкер.

Америка абзамыҟәра

Ачынуаҩ Урыстәыла иахараны ибоит Ливиа иҟоу аҭагылазаашьагьы. "Шьамтәылатәи ақәҿиарақәа урыстәылатәи амчрақәа рхы-ргәы азҭарҵеит", - иҳәеит иара.

Москвеи Ирани рыбжьара иҟоу аиҩызарагьы Аҩны шкәакәа агәы иахәом. Иҟоуп еиҭахгьы иагәамԥхо – Урыстәылеи Саудтәи Аравиеи реинырра.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра "Мрагылара Ааигәа шәықәҵыроуп" ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭа гаӡароуп ҳәа ахырҳәаауеит. "Иҟалап иара (Шенкер — аред.) дызлацәажәо изеилымкааӡозар. Ипрофессионалтә ҩаӡара акыр илаҟәхеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Президент США Дональд Трапм - Sputnik Аҧсны
Трамп игәаԥхом Саудтәи Аравиа Иемен аҿы ЕАШ абџьар ахы ишанархәо

Аӡбаара бааԥс алҵра

"Урыстәыла 2015 шықәса рзы Шьамтәыла иалалеит, америкаа мап ркуамызт. Аурысқәа ирылшо рбарц рҭахын, аха ак рылшап ҳәа иҟамызт. Аха абри ахырхарҭаҿы Москва ақәҿиарақәа аиуит. Асад уажәыгьы иҭыԥ аҿы дыҟоуп. Вашингтон уи иақәгәыӷуамызт", - ҳәа иҳәоит РИА Новости аинтервиу азҭоз акоординатор Руслан Мамедов.

Ари атәылаҿ аҭагылазаашьа иахьазы америкаа аинтерес ду рзаҵоуп. "ЕАА Аконгресс активла аус аднаулоит "Шьамтәыла аграждантә уааԥсыра рыхьчараз" азакәан. Уи "Цезарь" ҳәагьы иашьҭоуп. Ари адокумент Дамаск аганахьала аекономикатә санкциақәа азԥхьагәанаҭоит. Шьамтәылатәи аекономика аинвестициақәа ралагалара аӡәгьы дахыццакуам", - иҳәоит аексперт.

Москва ибзианы еилыркаауеит иҟоу, иагьазхәыцуеит ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа рымҩаԥгара.

"Иус хадоу Шьамтәыла аекономика ашьақәыргыларазы адәныҟатә инвесторцәа азыԥшаароуп. Апандемиа ҟалаанӡа ОАЕ ацхыраара иазыхиан, аха акоронавируси анефт ахә акаҳареи акризис цәырыргеит", - иҳәоит Мамедов.

"Еилкаау астратегиа аӡәгьы имам"

Ливиа Муаммар Каддафи ирежим анахырҳәа, Урыстәыла уа аԥсҭазаара ҿыц ашьақәыргылара ишацхраауа зҳәаз атәылақәа ируакуп иҳәеит РИА Новости аҿы ливиатәи аполитолог Мустафа Фетоури. Уи дақәшаҳаҭым Москва "адеструктивтә роль" нанагӡоит ҳәа ирҳәо.

Ливиа аҳҭнықалақь ракетала иалахысуан - Sputnik Аҧсны
Иҟоуп аԥсыҭбарақәа: Ливиа аҳҭнықалақь ракетала иалахысуан

"Џьамахириа аиҟәшара аныҟалаз Урыстәыла Шьамтәылатәи аусқәа ирҿын. Аха ливиаа ирдыруан Москва шыхынҳәуа зинеиҿкаарак шьақәнаргыларц азы. Апроцесс аамҭа рацәа агеит. Уи аҩнуҵҟатәи апроцессқәа ирыхҟьеит. Уажәы Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Евроеидгыла, ЕАР Фаиз Сараджа иеиҳабыреи аинрал Халиф Хафтари реиныршәараз аусқәа мҩаԥыргоит. Уи имариоу усым", - иҳәеит Фетоури.

Ливиатәи аполитолог иазгәеиҭеит Урыстәыла аимак аганқәа зегьы ишырныруа, убри азы ишалшо анеитралтә арбитр ироль анагӡара.

"ЕАА Аҩадатәи Африка иалкаау астратегиа шамамгьы, арегион аҿы аимак арцыхцыхуеит. Анкареи Москвеи уи еилыркаауеит, уи аҩыза асценаригьы алдыршом", - иҳәоит Фетоури.

Урыстәыла иаҭахуп атәылаҿ аполитикатә институтқәа реиҭашьақәыргылара. Ливиаа уи рбоит. Егьырҭ алахәылацәа ракәзар, рхықәкқәа рацәак еилыргам.

Ажәабжьқәа зегьы
0