Аахыҵ Уаԥстәыла COVID-19 зыхьыз рхыԥхьаӡара 76-ҩык рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Павел Кононов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла COVID-19 зыхьыз рхыԥхьаӡара 76-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Аахыҵ Уаԥстәыла COVID-19 зыхьыз рхыԥхьаӡара 76-ҩык рҟынӡа инаӡеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус аҟынтәи ҩынҩажәаҩык рҽырхәышәтәхьеит. Ареспубликатә медцентр аҿкы чымазарақәа рыҟәшаҿы асабша, рашәара 13 рзы COVID-19 рыхьны ишьҭоуп 36-ҩык апациентцәа.

АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аахыҵ Уаԥстәыла COVID-19 зыхьыз рхыԥхьаӡара 76-ҩык ыҟоуп, даҽа ԥшьҩык акоронавирус шрыхьыз шьақәырӷәӷәан иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Аинфекциа зыҟны ҿыц иаарԥшыз Аахыҵ Уаԥстәылаҟа Урыстәылантәи ихынҳәыз арратә ҵараиурҭақәа ркурсантцәа роуп.

"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла даҽа ԥшь-коронавирус хҭыск аарԥшын. Ахәышәтәырҭаҟынтәи илырҩаазгьы ԥшьҩык ыҟоуп. Иахьатәи аамҭазы Ареспубликатә медцентр аҿы ишьҭоуп 36-ҩык ачымазцәа", - лҳәоит Аахыҵ Уаԥстәыла ахархәаратә хылаԥшра ахаҭарнак Анна Гаглоева.

Зынӡа лаҵара 6 рзы раԥхьатәи ачымазцәа анцәырҵ инаркны атәыла ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи илырҩаахьеит акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз 40-ҩык ауааԥсыра.

Аҳақьымцәа рхылаԥшра аҵаҟа иҟоуп 252-ҩык - урҭ зегьы ахәышәтәырҭақәеи асасааирҭа "Алани" рҟны акарантин иахысуеит.

Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны COVID-19 рыхьхьеит 37-ҩык. Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа аҳәаанырцә тәылауаа рахысразы аԥкрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 1 аҟынӡа ацҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, атәыла аҩнуҵҟа акәзар, ԥкрақәак аԥыхуп рашәара 15 инаркны.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0